Ахԥатәи изы шә-нызқь мааҭ: адемографиа аминистрра аԥсуа ҭаацәарақәа ԥарала ирыдгылоит

CC0 / / Младенец
Младенец  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ахԥатәии уи ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа рираан аԥарашәара мҩаԥнагон агәыҳалалратә фонд "Азҳара". Уажәы ари аус анапы ианҵоуп Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра.

АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Адемографиеи аԥсадгьыл ахь архынҳәрази аминистрра аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ахԥатәии уи ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа рираан шә-нызқь мааҭ аԥара рызшәара иалагоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистр Беслан Дбар.

Апроект мҩаԥгахоит хықәкылатәи апрограмма " Адемографиа аҿиара 2020" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Адемографиеи аԥсадгьыл ахь архынҳәрази афонд аҟынтәи ари апроект анагӡара иазырхоуп 50 миллион мааҭ.

"Аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ахԥатәии уи ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа рираан аԥарашәара мҩаԥгахоит адемографиатә ҭагылазаашьа алаҟәра иахҟьаны. Ари ашықәс нҵәаанӡа аус аулоит. Сгәы иаанагоит насгьы иацҵахап ҳәа" - иҳәеит Дбар.

Леонид Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Леонид Чамагәуа "Азҳара" иазкны: афонд аусура адемографиа ианыԥшит

Уаанӡа аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ахԥатәи, аԥшьбатәи уҳәа ахәыҷқәа рираан аԥарашәара мҩаԥнагон агәыҳалалратә фонд "Азҳара".

"Уаанӡа аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ахԥатәии уи ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа рираан аԥарашәара мҩаԥнагон агәыҳалалратә фонд "Азҳара". Уажәы ари аус анапы ианҵоуп Аԥсадгьыл ахь архынҳәраз аминистрра. Афонд абиуџьет иҭагӡаны имҩаԥгахалоит апрограмма", - иҳәеит агәыҳалалратә демографиатә фонд "Азҳара" ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку Леонид Чамагәуа.

Ибиуџьеттәым адемографиатә фонд "Азҳара" аԥҵан Аԥсны Жәлар реизара аԥшьгарала, 2017 шықәсазы. Афонд ахь раԥхьатәи ахәҭалагала ҟарҵеит адепутатцәа рхаҭақәа - мызктәи руалафахәы аларҵеит. 

2019 шықәсазы афонд "Азҳара" 280 ҭаацәара аԥара рзыршәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0