Афатә аалыҵ ахьырҭиуа аџьармыкьақәа мшаԥы 20 рынахыс иаадыртуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский рынок перед закрытием на карантин
Сухумский рынок перед закрытием на карантин  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 28 инаркны акоронавирус алаҵәара ашәарҭара инадҳәаланы атәылаҿы аџьармыкьақәа зегь аркын.

АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа афатә аалыҵ ахьырҭиуа аџьармыкьақәа мшаԥы 20 рынахыс иаадыртуеит. Абри азы аусдҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба. Абри атәы ануп ахада исаит аҟны.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Авирус зыдбалаз раԥхьатәи ауаҩы ахәышәтәырҭа илҩаара даздырхиоит

Аџьармыкьақәа русура аграфик ақалақьқәа, ма араионқәа рсанитар-епидемиологиатә маҵзурақәа рақәшаҳаҭрала иҳәаақәырҵоит. Аџьармыкьақәа макьаназы мчыбжьык ахь хымш аус рулоит.

Аусдҵа инақәыршәаны Аԥсны асанитартә ҳақьым хадеи ақалақьқәеи араионқәеи рсанитар-епидемиологиатә маҵзурақәеи рнапы ианҵоуп аџьармыкьақәа русура иалагаанӡа арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥгазарц.

Аусурамш анҵәамҭазгьы ауаа рацәа зҭаауа аџьармыкьатә ҭыԥқәа арзҩыдара иахрыжьлоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0