Ахада иҭоубашьҭаҵараан шәҩык инарзынаԥшуа амилициа аусзуҩцәа азинеиҿкаара иахылаԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСотрудник МВД
Сотрудник МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ҿыц Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит Аҟәа, мшаԥы 23 рзы. Ацеремониаҟынтәи ишиашоу ицо аефир шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik асаит аҟны асааҭ 12:00 инаркны.

АҞӘА, мшаԥы 23 -Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵараан шәҩык инарзынаԥшуа амилициа аусзуҩцәа азинеиҿкаара иахылаԥшуеит ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Азинеиҿкаара иахылаԥшлоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аппарат хада, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭинспекциа, Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа русзуҩцәа.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Иахьа Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысуеит

Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа аан автотранспорт азы иаркхоит Лакоба имҩа, академик Марр ихьӡ зху амҩеи Ажәанба ихьӡ зху амҩеи реихысырҭақәа рҟынӡа.

Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысуеит. Ауснагӡатә хацыркхоит асааҭ 12:00 рзы Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы.

Иалху Аԥсны ахада ҿыц Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп ауаа рацәа адымгалакәа, атәылаҿ акоронавирус иахҟьаны иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы.

Ауснагӡатә иалахәхоит Апарламент адепутатцәа, Алхратә комиссиа хада алахәылацәа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы.

Уаанӡа атәыла ахада Апарламенти Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи рлахәылацәа рҿаԥхьа ҭоуба иуан. Аха 2014 шықәса рзы иаԥҵан Аконституциатә ӡбарҭа, уи аахыс ахада иҭоубоура мҩаԥысуеит Апарламенти Аконституциатә ӡбарҭеи рлахәылацәа рҿаԥхьа.

Ишьақәыргылоу апроцедура инақәыршәаны, иалху ахада ҭоуба шьҭеиҵоит, уи ашьҭахь Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо уи инапаҿы ииркуеит аҳәынҭқарратә символқәа – амҳәыр, аштандарт, алабашьа, аҳәа.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Алхрақәа рҟны аиааира игеит Аслан Бжьаниа, иара изы иарҭеит 56,5% абжьқәа. Адгәыр Арӡынба иоуит 35,42% бжьы, Леонид Ӡаԥшьба – 2,22%, зегьы ирҿагыланы – 1,75%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0