Гәылрыԥшьтәи аамҭала абаандаҩцәа рҭакырҭаҿы иҭакыз дыԥсны дырбеит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Рауль Смыр амаҵзуратә гәаҭара амҩаԥгаразы адҵа ҟаиҵеит.

АҞӘА, мшаԥы 28 -Sputnik. Иҭакыз Алиас Ҭарба акамераҿы дыкнаҳаны дырбеит мшаԥы 27 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Гәдоуҭа ақалақь аҿы инхоз, 1991 шықәса рзы ииз, Алиас Ҭарба даанкылан анаркотикатә маҭәашьарқәа идикылоит ҳәа агәҩара ыҟаны. Аӡбарҭа аӡбрала иаанкылаз ахара ихароуп ҳәа дшьаны, 30 мшы Гәылрыԥшьтәи аамҭала абаандаҩцәа рҭакырҭахь днаган.

Аминистрра адыррақәа рыла мшаԥы 26 – 27 рзы Ҭарба игәамбзиара дахашшаауан.

"Иааԥхьаз ацхыраара ласы аусзуҩцәа агәыр изыҟарҵеит, аха иҭагылазаашьа еиӷьымхеит. Иара убри ауха, асааҭ хԥа рзы Агәыӡератәи агоспиталь ахь днаган. Уа ихьуа ахьырзышьақәмыргылаз азы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь диаган", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ицеи ирҳәарахи иатәым маҭәашьарк аҟазааразы дгәарҭеит, аха усеиԥш акгьы идбаламызт.

"Апациент ахирургиатә патологиа иатәу акгьы имамызт", - ҳәа азгәарҭоит Аԥсны ААР аҟны.

Аҳақьымцәа Ҭарба адиагноз гастродуоденит изықәдыргылеит. Абри ашьҭахь иҭыԥ ахь днаган. Мшаԥы 27 рзы дыкнаҳаны дырбеит.

"Аҷаԥшьаратә гәыԥ ирылшоз зегь ҟарҵеит еиқәырхаразы. Ҭарба иаразнакы Агәӡератә госпиталь ахь днаган, аха ареанимациатә усмҩаԥгатәқәа рышьҭахь абиологиатә ԥсра азгәаҭан", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Рауль Смыр амаҵзуратә гәаҭара амҩаԥгаразы адҵа ҟаиҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0