Апрокуратура абаандаҩы Ҭарба иҽшьра аганахь ала агәаҭарақәа мҩаԥнагоит

© SputnikСотрудники ДПС за работой
Сотрудники ДПС за работой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анаркотикқәа идикылоит ҳәа агәҩара ззыҟаны мшаԥы 21 рзы иаанкылаз 1991 шықәсазы ииз Гәдоуҭа ақалақьуаҩ Алиас Ҭарба акамераҿы дыкнаҳаны дырбеит мшаԥы 27 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 29 -Sputnik. Гәылрыԥшь араион апрокуратура агәаҭарақәа мҩаԥнагоит иҭакыз Алиас Ҭарба иҽшьра аганахь ала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратора хада асаит.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Гәылрыԥшьтәи аамҭала абаандаҩцәа рҭакырҭаҿы иҭакыз дыԥсны дырбеит

Аусбарҭа адыррақәа рыла, амедекспертцәа аԥсы ихәдаҿы иҽызлакнеиҳаз ашьҭа рбеит. Уи иеиқәа аԥжәахақәа роуп.

"Уаҳа иарбанызаалак мчыла иԥсра ҟалеит ҳәа ззуҳәаша акгьы идбаламызт. Ахҭыс аныҟалаз аамҭазы Ҭарба ида акамера №3 аҟны аӡәгьы дыҟамызт", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Алиас Ҭарба иԥсыбаҩ иҭаацәа ирыҭоуп, дара аӡбара-медицинатә експертиза мап ацәыркит.

Анаркотикқәа идикылоит ҳәа агәҩара ззыҟаны мшаԥы 21 рзы иаанкылаз 1991 шықәсазы ииз Гәдоуҭа ақалақьуаҩ Алиас Ҭарба акамераҿы дыкнаҳаны дырбеит мшаԥы 27 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0