Аимпорттә еикәыршарақәа каҳауеит: Делба авирустә кризис алҵшьас иҟоу азы

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Делба
Владимир Делба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 28 рзы аусдҵақәа инапы рыҵаиҩит Владимир Делба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс, афинансқәа рминистрс иҟаҵаразы.

АҞӘА, мшаԥы 30– Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит атәыла аекономика аԥкыратә режим аԥырхага ду шанаҭо, аҭагылазаашьа алҵразы ԥхьаҟатәи апланқәа дрылацәажәеит.

Еидырҵаз, еиҭаркыз: Аԥсны аиҳабыра реилазаашьа ҿыц - Sputnik Аҧсны
Еидырҵаз, еиҭаркыз: Аԥсны аиҳабыра реилазаашьа ҿыц

"Ишыжәдыруа еиԥш, атәыла ахада иусдҵала Аминистрцәа реилазаара аструктура ҿыц еиҿкаан. Уи инақәыршәаны, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩык иҳасаб ала иарбан хырхарҭоу снапы ианҵахо макьаназ алацәажәара заауп", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥыза-министри ихаҭыԥуааи рнапынҵақәа анеихыршалак ашьҭахь акәхоит уи атәы анеилкаахо ҳәа азгәеиҭеит Делба.

"Усҟан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩык иҳасаб ала сусура ахырхарҭа еилкаахоит. Сгәаанагарала, аекономикатә блок акәхоит исыдырҵо", - ҳәа иҳәеит иара.

Владимир Делба арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит ҳтәыла аекономика аԥкыратә режим аԥырхага ду шанаҭо.

Уаанӡатәи афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба иазгәеиҭахьан атәыла абиуџьет алагалатә хәҭа мшаԥы 1-24 рыла 129 миллион еиҵахеит ииасыз ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшны ҳәа. Иара убасгьы иҳәахьан 2020 шықәса ԥхьаҟатәи аамҭазгьы алагала 60% рҟынӡа икаҳар ауеит ҳәа.

"Сара Џьансыхә Едуард-иԥа ииҳәаз сақәшаҳаҭуп. Ҳәарада, абиуџьет ацәыӡқәа амоуп, аха урҭ высшьак рзыԥшаатәуп. Раԥхьа инаргыланы иазхәыцтәуп аԥыжәара зҭатәу аусқәа. Уи иалнаршоит маҷк акаҳара ашьақәыртәара. Акызаҵәык иахьазы идыруп 2020 шықәса рзы абиуџьет алагала 60% рҟынӡа ишлеиуа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Делба.

Иара иажәақәа рыла, 2021 шықәсазтәи абиуџьет арҭ аҭагылазаашьақәа анырԥшны ирыдыркылоит.

Беслан Кубрава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыбраа аҿкы аекономика ианаҭо анырразы: мызкала еилгар, ҳаиааиуеит

"Акоронавирус аекономика анырра анаҭоит. Убри азы, сара сгәаанагарала, ауснагӡатәқәа еизаку ркомплекс аус адулатәуп. Аекономика адгылара ҳәа сара еилыскаауеит еиуеиԥшым аформақәа. Убри аан аԥыжәара амазароуп ауааԥсыра аусурҭа рымазаара, иҟоу аулафахәытә фонд аиқәырхаразы, аусурҭа змам ауаа рыҟазаара алмыршаразы", - ҳәа иҳәеит иара.

Делба иара убасгьы далацәажәеит Урыстәыла авирусҿагыларатә уснагӡатәқәа Аԥсны аекономикагьы анырра шарҭо.

"Иахьанатә иаабоит адәныҟаекономикатә усура шкаҳаз еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны. Уи иунарбоит Урыстәыла ҳекономика анырра шанаҭо. Арахь иаҵааанакуеит анхамҩатә ҭагылазаашьақәа, аиқәшаҳаҭрақәа, аилаӡарақәа", - иҳәеит иара.

Владимир Делба - аԥсуа политикатә усзуҩ, аекономист.

Диит цәыббра 26, 1974 шықәсазы.

Далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, анаҩсан дҭалоит Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә универститет аудити анализы рзы аспирантура.

Жьҭаара 2011 шықәса инаркны мшаԥы 8, 2015 шықәсанӡа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистрс дыҟан. Лаҵара 2, 2014 шықәса инаркны цәыббра 29, 2014 шықәсанӡа Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа наигӡон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0