Бганба Ҭырқәтәыла акоронавирус азы: ачымазаҩцәа маҷхеит, аха еиҭа ҩымз ҳхы ҳахьчалароуп

© Foto / предоставлено Оралом БганбаОрал Бганба
Орал Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сақариа еиҿкаау аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит уаҟа инхо ҳџьынџьуаа акоронавирус иахҟьаны аԥкрақәа шырхырго, урҭ ирҭагылазаашьоу.
Бганба Ҭырқәтәыла акоронавирус азы: ачымазаҩцәа маҷхеит, аха еиҭа ҩымз ҳхы ҳахьчалароуп

"Ҳазҭагылоу аамҭа шәарҭоуп, аха аԥсҭазаара иацу аусқәа мҩаԥаагоит. Сақариа аԥсуаа зегь реиҳа иахьырацәоу ҭыԥуп. Ҭырқәтәыла ианҳаҳа ачымазара алаҵәара аиуеит ҳәа, аԥсуа хеидкылақәа иаразнак иаҳаркит. Ансамбль иалаз ахәыҷқәагьы рҽазыҟаҵарақәа ааныркылеит. Макьанагьы ус ҳаҟоуп. Ақыҭақәа рҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилаҳкаауеит, ҳаиҳабацәа ҳрацәажәоит, ара инхо аԥсуаа аимадара ҳабжьоуп. Ҭырқәтәыла аҵара зҵо аԥсуа студентцәагьы ианаамҭаз Аԥсныҟа иҳашьҭит, уи бзианы иазыӡбан. Аӡәызаҵәык аԥсуаа ҳҟынтә дычмазаҩуп, иара хынҩажәа шықәса ихыҵуеит, дманшәалахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Ҳара аԥсрақәа рҿы аизарақәа аҟәаҳхит, ажәлар адырра раҳҭоит, дара адышшыларақәа аарышьҭуеит. Ачымазара змоу рхыԥхьаӡара лаҟәхо иалагеит, аха иааиуа амзагьы еиҭа уи иашьҭанеиуеи ҳхы гәаҳҭалароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Бганба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0