Жәеиза шьаҿа: Аԥсны ААР амҩақәа рҿы аԥсҭбарақәа рхыԥхьаӡара шдырмаҷуа

© Sputnik / Томас ТхайцукСотрудник ДПС
Сотрудник ДПС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар инапынҵала Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа атәыла амҩадуқәа рҿы аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара армаҷрази амҩатә машәырқәа ҟамларц ази ауснагӡатәқәа аус рыднаулеит.

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Аԥсны амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргыларазы ихымԥаданы иҟоу аусқәа дрылацәажәеит Аԥсны ААР Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба атәылауаа рахь авидеоааԥхьара аныҟаиҵоз. Иара иажәақәа рыла, иахьазы аусбарҭа аҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵа хада - амҩақәа рҟны аԥсҭбарақәеи амҩатә машәырқәеи рхыԥхьаӡара ҩынтә армаҷроуп.

Абри ахықәкы анагӡаразы аԥыжәаратә хырхарҭақәа рахь иаҵанакуеит:

  • Аидеологиа-информациатә усура.
  • Аструктуратә еиҭеиҿкаареи аиҿкаара-штаттә ԥсахрақәеи ДПСи ППСи реилаларазы.
  • Аус зуа азакәанԥҵареи аусбарҭатә норматив-зинтә актқәеи аԥсахрақәа рылагалара.
  • Аԥсны ААР Адыррақәа аус рыдулара ацентр абазала амҩақәа рҿы ашәарҭадара аиҿкааразы Иаку аусбарҭабжьаратә информациа-аналитикатә центр аиҿкаара.
  • Аппарат-программатә комплекс "Ишәарҭадоу ақалақь" арҿиареи аус адулареи амҩатә машәырқәа рҭаҩра автоматтә система алагалареи аус адулареи.
  • Аҳәынҭавтоинспекциа астационартә гыларҭақәа реиҭеиҿкаара.
  • Аматериал-техникатә еиқәыршәара.
  • Амҩатә ԥҟарақәа реилагара ахьҭаҩу иаку абаза аҭаларазы алшара.
  • РЕО аҟни автошколқәа рыҟни аҵараҵара ахылаԥшра арӷәӷәара.
  • Амҩақәа ринфраструктура аиӷьтәреи анхарҭатә комплекс ҿыцқәеи, абанкеттә залқәеи, ахәаахәҭратә обиектқәеи рыргылаҩцәа амашьынаргыларатә ҭыԥқәа рыла еиқәдыршәаларц акомпенсациатә уснагӡатәқәа рзынагӡара.
  • Амҩатә машәыр иахҟьаны ааха зауз иаарласу амедицинатә цхыраара рыҭаразы ҳаамҭазтәи асистемақәа рырҿиара.

Баҭал Агрба иажәақәа рыла, атәыла аҩнуҵҟа амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара ҳаракуп. Аҵыхәтәантәи 26 шықәса рыҩнуҵҟа иҭахахьеит 1 437-ҩык, аахақәа роухьеит 6 148–ҩык. 2019 шықәса рыҩнуҵҟа иҭахаз рхыԥхьаӡара 56-ҩык инаӡоит.

"Аԥсны ААР Аҳәынҭавтоинспекциа аганахьала иҟаҵоу маҷӡам ареспубликатәи аҭыԥантәи амҩақәа рҟны ахылаԥшра арӷәӷәаразы. Уи иалнаршеит аԥсҭбарақәа 12% рҟынӡа рыларҟәра, аха уи азхаӡом", - иҳәеит Агрба.

амҩатә машәыр - Sputnik Аҧсны
30 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны иҟалаз амҩатә машәырқәа рыстатистика ааргеит

Иара убасгьы иазгәеиҭеит адунеитә практикаҿы зхы бзианы иаазырԥшыз афото-, авидеофиксациа асистема Аԥсны макьаназы аҿиара ҭбааны ишамам, амҩатә машәырқәа раԥырҟәҟәаареи рырмаҷреи анырра рзыҟанаҵартә еиԥш.

Иара иажәақәа рыла, иахьазы аусбарҭа аҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵа хадақәа ируакуп: апроект "Ишәарҭадоу ақалақь" ишақәнагоу аамҭа азышьақәыргыланы анагӡара, ареспубликатә мҩа ахылаԥшразы афото-, авидеофиксациа асистема арҿиара, ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны ахылаԥшратә хсаала аиҿкаара.

"Абасала ААР Адыррақәа аус рыдулара ацентр аҟны ауаажәларратә шәарҭадара ҭырҵаалоит. Рыцҳарас иҟалаз, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Аҳәынҭавтоинспекциа асистемаҟны имҩаԥгаз аоптимизациа ишаҳбаз еиԥш ауаажәларра ззыԥшыз аиҭакрақәа рахь икылнамгеит, ишақәнагазгьы имҩаԥгамызт", - азгәеиҭеит иара.

Иахьатәи аамҭазы апроект "Ишәарҭадоу ақалақь" шьаҿа-шьаҿала анагӡаразы адҵа ықәгылоуп, афото, авидео рхархәарала ареспубликатә мҩа ахылаԥшра, иара убас ауаажәларратә ҭыԥқәа зну ахсаалақәа раԥҵара ҳалагоит, абасала ААР Адыррақәа аус рыдулара ацентр ауаажәларратә шәарҭадара ахылаԥшра агәы иҭоуп.

Агрба агәра ганы дыҟоуп Аҳәынҭавтоинспекциа иазгәанаҭаз ашьаҿақәа рынагӡаразы атәыла иқәынхо ауаажәларреи иара убас аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәеи, иаҳҳәап Аҵара аминистрра, Акультура аминистрра, Агәабзиарахьчара аминистрра, Ауаажәларратә палата, Апарламент, иара убас аҭыԥантәи анапхгараҭаратә усбарҭақәа, АИХ, атранспорттә усбарҭақәа рыцхыраара шаҭаххо.

"Иахьатәи аамҭазы ауаажәларразы ихәарҭоу ҟаиҵар иҭахызароуп дарбанзаалакгьы, досу изааигәоу ауаа амҩатә ԥҟарақәа еилазго ирцәихьчар иҭахызароуп, раԥхьа иргыланы арыжәтә џьбара ыжәны аԥсҟы аанызкыло рҟынтәи ихьчар иҭахызароуп дарбанзаалак ҳтәылауаҩ. Аныҟәцаҩцәа ракәзар, урҭ зегьы аҭакԥхықәра шрыду, иҟарҵаз ацәгьоуразы хымԥада ахьырхәра шрықәнагоу еилыркаауазароуп", - иҳәеит Агрба.

Иара уи адагьы амашьынарныҟәцаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит амҩатә ԥҟарақәа ҭакԥхықәра дула ирықәныҟәаларц иҟалар зылшо амҩатә машәырқәа раԥырҟәҟәааразы, уи алагьы аԥсҭбарақәеи ауаа ааха рыҭарақәеи ҟамларц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0