Бжьаниеи Путини Аиааира 75-шықәса ахыҵра рыжәларқәеи дара-дареи ирыдибаныҳәалеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсероссийская акция "Георгиевская ленточка"
Всероссийская акция Георгиевская ленточка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылақәа ҩба рхадацәа Аԥсни Урыстәылеи инхо аветеранцәа ирзеиӷьаршьеит аҭынчра, агәабзиара, ашықәс рацәа, аманшәалара.

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Аиааира 75-шықәса ахыҵра рыжәларқәеи дара-дареи ирыдибаныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит Аслан Бжьаниа ипресс-маҵзура.

"Гәыкала шәареи Аԥсны иқәынхо ажәлари ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра амш. Абри амшныҳәа азгәаҭо, ҳаҭыр ду ақәаҳҵоит анацизм иаҿагыланы агәаӷьра ду аазырԥшыз ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵара", - ҳәа аҳәоит Путин иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

Урыстәыла ахада агәрагара ааирԥшит "аибашьра аамҭа уадаҩқәа раан аиҳабыратә абиԥара зуасхыр шьҭарҵаз аиҩызареи аицхыраареи рытрадициақәа ԥхьаҟатәи аизыҟазаашьақәа еиҳагьы иарӷәӷәап, акоронавирус апандемиа аиԥш иҟақәоу ашәарҭарақәа рҿагылара алдыршап ҳәа".

Подготовка к участию в акции Бессмертный полк онлайн - Sputnik Аҧсны
Онлаин арежим ала: "Ԥсра зқәым архәҭа" Аиааира 75-шықәса ахыҵраан ишеиҿкаахо

Путин Бжьаниа диҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ инхо аветеранцәеи атыл аусзуҩцәеи ирзеиӷьеишьарц агәабзиара, ашықәсхыҵра ду, аманшәалара.

Аслан Бжьаниагьы Урыстәыла ахада идиныҳәалеит Аиааира амш.

"Аиааира амш, лаҵара 9 – аиашара шьананы иазыҟоу ныҳәоуп. Ари – иаҳзеиԥшу агәырӷьамшра адагьы аибашьра адәаҿы ахақәиҭра зхы ақәызҵаз аибашьцәа ргәалашәара иамшуп.

Адунеи афашизм иацәызыхьчаз миллионҩыла асовет тәылауаа рфырхаҵара наӡаӡа ԥсра ақәым. Аџьынџьтәылатә еибашьраан аиааира аазгаз ҳабацәеи ҳабдуцәеи рхаҵара иахьа Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа реиҩызара шьаҭаны иазыҟоуп", - ҳәа аҳәоит Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалараҿ.

Аԥсны ахада урыстәылатәи иколлегеи урыстәылатәи ажәлари ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, ақәҿиарақәа.

Иара убасгьы дрыдныҳәалеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0