Иахьазы аҟәатәи "Аиҭар" аҿы акарантин иахысуеит 211-ҩык акурсантцәа

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭкспресс-диагностика на антитела к коронавирусу в клинике Hadassah Medical Moscow в Сколково
Экспресс-диагностика на антитела к коронавирусу в клинике Hadassah Medical Moscow в Сколково - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылантәи аҩныҟа ихынҳәыз ааҩык акурсантцәа акарантин рхыганы иоурышьҭит лаҵарамза 14 аҽны.

АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҳәаанырцәынтә иааз ҳтәылауаа акарантин иахьахысуа "Аиҭар" аҿы иахьазы 211-ҩык акурсантцәа ыҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Зынӡа Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаахьеит 232 студент. Урҭ рҟынтәи 13-ҩык акоронавирус рымоуп. COVID-19 зманы иҟоу гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рҽырхәышәтәуеит.

Урыстәылантәи аҩныҟа лаҵара 1 азы ихынҳәыз ааҩык акурсантцәа акарантин рхыганы иоурышьҭит.

Дара зегьы акоронавирус амазааразы агәаҭарақәа ирыхрыжьит. Аусбарҭаҿы ишырҳәо ала акурсантцәа аӡәгьы шәарҭара дҭадыргылом.

"Агәабзиарахьчара аминистрра ишаҳәо ала, иахәҭаз апроцедурақәа зегьы ирхыжьын, анализқәа зегьы ҟаҵан. Атестқәа иаадырԥшит авирус шрымам. Ааҩыкгьы ргәы бзиоуп. 14 мштәи акарантин нҵәеит. Иахьа урҭ рыҩныҟақәа ицеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Акоронавирус аҟынтәи ауааԥсыра рыхьчаразы аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла ареспубликаҿы COVID-19 14-ҩык ирымоуп: 13 студенти Даӷьсҭанынтәи иааз Урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаҩи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0