Аԥсны аушьҭымҭацәа рзы аҵараҵара хацыркхоит рашәарамзазы

© Sputnik / Антон Уницын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны аушьҭымҭацәа рзы аҵараҵара хацыркхоит рашәарамзазы
Аԥсны аушьҭымҭацәа рзы аҵараҵара хацыркхоит рашәарамзазы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аҵараҵара хацыркхоит рашәарамза 2 рзы, уи мҩаԥыслоит ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа.

АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik. аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рҵара иалагоит рашәара 2 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҵара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Қәҭелиа.

"Аҵара араионтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥысыз аилацәажәараҿы актәи акласс инаркны ажәабатәи акласс аҟынӡа аҵаҩцәа рҵара хыркәшазарц рыӡбеит. Ажәеизатәи аклассаа рзы аурокқәа рашәара 2 рзы ирылагоит", - иҳәеит иара.

Қәҭелиа иажәақәа рыла, аушьҭымҭатә классқәа ҩ-маҭәарк рҭиуеит: ахатәы бызшәеи аматематикеи ҩрала.

В школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса - Sputnik Аҧсны
Аканикулқәа ирылагеит: Аԥсны аҵарашықәс заанаҵ ихыркәшахоит

Сынтәа азеиԥш ҵараиурҭақәа ирылгоит 1830 ҵаҩы, жәаҩык амедал аиуразы иқәгылоуп.

Уаанӡа Аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Какоба аҳәамҭа ҟаиҵахьан егьырҭ амаҭәарқәа рзы аихшьалатә атестациаҿы ашықәстә хәшьарақәа ықәыргылахоит ҳәа.

Атәылаҿы акоронавирус иахырҟьаны 1-10 аклассқәа рҵаҩцәа рзы аҵарашықәс хыркәшоуп, аиагаратә ԥышәарақәагьы аԥыхуп. Актәи акласс ахь ицо рзы адокументқәа рыдкылара иалагоит нанҳәамзазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0