Ачымазара рыдбалам: даҽа 52-ҩык акурсантцәа ркарантин аамҭа хыркәшаханы аҩныҟа иоушьҭуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГостиница Айтар
Гостиница Айтар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абыржәтәи аамҭазы Аҟәатәи асасааирҭаҿы иҟоуп 187-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 138-ҩык арратә курсантцәоуп, 37-ҩык – ААР аганахьала иҭоу акурсантцәа роуп, аӡәы – Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура курсантк, нас жәаҩык амедикцәа.

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны акарантин иахысуаз 52-ҩык арратә курсантцәа рыҩныҟақәа иоурышьҭит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.

"Акурсантцәа ихымԥадатәу ҩымчыбжьатәи акарантин рхыргеит, атестқәа рзымҩаԥган, ачымазара ҿкы шрымам шьақәырӷәӷәахеит. Убри аҟнытә рыҩныҟақәа роушьҭра ауеит ҳәа ҳаԥхьаӡеит", – ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.

Лаҵара 18 рзы атәылаҿы иаарԥшын даҽа ԥшьҩык акоронавирус зцәа иалоу ачымазцәа.

Аԥсны даҽа ԥшьҩык акоронавирус шрыхьыз шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус зыхьыз ауаа еиҭа иҟалеит

Дара зегьы – "Аиҭар" зхы ԥхьазкуаз, Урыстәылантәи зыԥсадгьыл ахь иааз арратә ҵараиурҭақәа ирҭоу акурсантцәа роуп. Урҭ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инаган.

Мшаԥымза инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит иааидкыланы 25-ҩык ауааԥсыра.

Мшаԥымзазы аҿкы рыдбалан Гагра ауааԥсыра хҩык, ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыхәышәтәра аамышьҭахь ргәы бзиахан рыҩныҟа илрыҩааит, аӡәы – 1925 шықәсазы ииз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит. Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, лаҵара 16 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтә дылрыҩааит згәы бзиахаз акурсантцәа руаӡәы.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0