ИуНИСЕФ ахәыҷтәы поликлиникеи ахшараиурҭеи агуманитартә цхыраара рзыҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМинистерство здравоохранения получит первую партию гуманитарного груза от ЮНИСЕФ со средствами индивидуальной защиты
Министерство здравоохранения получит первую партию гуманитарного груза от ЮНИСЕФ со средствами индивидуальной защиты - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа рыцхраара аҳәаақәа ирҭагӡаз актәи агуманитартә партиа иаҵанакуан ҩажәа нызқь цыра рҟынӡа хаҭалатәи ахыхьчагақәа.

АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. ООН ахәыҷтәы фонд ИуНИСЕФ Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникеи Ареспубликатә хшараиурҭеи ирзаанагеит хаҭалатәи ахыхьчагақәа.

Агуманитартә цхыраагӡахь иаҵанакуеит: арзҩыдаратә хархәагақәа, асабрадақәа, ахалаҭқәа, ахархәагақәа ахрархәашьазы ацҵақәа. Зынӡа иааидкыланы 20 000 хыхьчага рыла аперсонал еиқәыршәоуп.

"Иахьа инаркны активла Аԥсны ахәыҷтәы поликлиникақәеи ахшараиурҭақәеи рахь актәи агуманитартә партиа аихшара ҳалагоит. Ҳара ҳгәаанагарала аҵак ду аманы иҟоуп амедперсонал аинфекциатә чымазарақәа арцәыхьчара. Ахыхьчагақәа раагара адагьы ҳара ацхыраара ааулоит аҿкытә чымазарақәа разыԥхьагәаҭареи рхылаԥшреи рзы атренирнгқәа рымҩаԥгаразы", - ҳәа азгәеиҭеит ООН ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи аофис ахада Уилиам Хенлон.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҟәша аиҳабы Белла Ԥлиаԥҳа ацхыраара ҭабуп ҳәа ахылҳәааит, илҳәеит арҭ ахархәагақәа аусҳәарҭа аҟәшақәа фба ишырзеихшахо.

© Видео Sputnik Первая партии гуманитарной помощи ЮНИСЕФ передана медучреждениям Абхазии
ИуНИСЕФ ахәыҷтәы поликлиникеи ахшараиурҭеи агуманитартә цхыраара рзыҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны
Первая партии гуманитарной помощи ЮНИСЕФ передана медучреждениям Абхазии

"Иарбанызаалак ацхыраара ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Арахь иаанаго аҳәса зегьы аԥхьанатә агәаҭара иахҳажьуеит: ршоура ҳшәоит, анализқәа аагоит. Макьаназы акоронавирус змоу уаҩ дҳаднамгалацт. Ус шакәугьы, шә-процентк рыла ауаҩы авирус змоу димнырит ҳәа ҳазҳәом", - лҳәеит лара.

ИуНИСЕФ ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит агуманитартә цхыраара актәи апартиа иалагӡаны ақалақьтәи араионтәии поликлиникақәеи ахшараиурҭақәеи ацхыраара шрыҭахо.

ООН иатәу Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фонд (ИуНИСЕФ) 2014 шықәса раахыс Аԥсны аус руеит, агәабзиарахьчара аусхк аҟны ацхыраара ҟарҵоит.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0