Кавказтәи аибашьреи мчылатәи ахҵәареи иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит
Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 21 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьраан иҭахази ашьхарыуа жәларқәа мчылатәи рхырҵәара иалаӡызи ргәалашәара амш.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амҳаџьырцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥган Аҟәа лаҵара 21 рзы.

© Sputnik / Томас ТхайцукВозложение цветов у памятника махаджирам
Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит - Sputnik Аҧсны
1/2
Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит
© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Аслан Бжания почтил память жертв Кавказской войны
Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит - Sputnik Аҧсны
2/2
Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит
1/2
Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит
2/2
Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит

Мчыла зыԥсадгьыл иахцаз ргәаладыршәарц арахь иааиит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, аекономика аминистр Кристина Озган, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аусбарҭақәеи аминистррақәеи рхадацәа.

Асааҭ 20:30 рзы Амҳаџьыраа рбаҟа аҿаԥхьа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс имҩаԥнагоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара ахьӡала ашьамаҟа абылра.

1864 шықәса, лаҵара 21 – Кавказтәи аибашьра аҵыхәтәантәи амш ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан аҵаҟахь рхы дырхеит. Иахьа адунеи атәылақәа 50 рҟны инхоит урҭ рхылҵшьҭрақәа. Реиҳа ижәпаҩны инхоит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа уҳәа Мрагылара ааигәа егьырҭ атәылақәа рыҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0