Аԥсны атуризм азы аминистрра заанаҵтәи аҿаҵарақәа еилагароуп ҳәа ахнаҳәааит

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых на море
Отдых на море  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуроператорцәа рсаитқәа рҟны ицәырҵит Аԥсны аотельқәеи асасааирҭақәеи заанаҵтәи аҿаҵарақәа рмаҵзура аадыртуеит рашәара 1 инаркны ҳәа аинформациа.

АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Аԥсны анапхгара ирыдыркылаз аԥкырақәа ахырхаанӡа Аԥсны аотельқәеи асасааирҭақәеи заанаҵтәи аҿаҵарақәа рмаҵзура раартра зинеилагароуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Атуризм азы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц.

Отдых туристов на пляже Черного моря в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны асасааирҭақәа заанаҵтәи аҿаҵарақәа аадыртуеит рашәара 1 нахыс

Иара иазгәеиҭеит заанаҵтәи аҿаҵара шхымхәыцроу, аҳәаа аартра аҿҳәара ахьеилкаам, аԥкрақәа анахырхуа аҿҳәара ахьышьақәыргылам азы.

"Ҳара аоперативтә штаб аилатәара ҳазыԥшуеит. Дара роуп изыӡбо аԥкрақәа ааныжьтәу иаԥыхтәу. Ҳәарада ҳара уи аадыруазар ҳҭахуп, абизнесуаа адырра раҳҭон, аха макьаназы аҳәаа аартра азҵаара еилыргам. Амза аказы иаартхозар, уинахыс иҟалоит аҿаҵарақәа рымҩаԥгарагьы", - иҳәеит иара.

Лаҵара 20 рзы Урыстәылатәи атуроператорцәа рсаитқәа рҟны ицәырҵит Аԥсны аотельқәеи асасааирҭақәеи заанаҵтәи аҿаҵарақәа рмаҵзура аадыртуеит рашәара 1 инаркны ҳәа аинформациа.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы рашәарамза 1 аҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь аԥсуа-аурыс ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ирхысны аҭалара азин рымам аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0