SputnikPro иааиуа авебинар аҟны авеб-анализ амҩаԥгашьа иалацәажәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСпутник лого
Спутник лого  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik иацнаҵоит онлаин-сессиақәа рымҩаԥгара SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны. Лаҵара 29 асааҭ 13:00 рзы имҩаԥысуеит авебинар абри атемала: "Веб-аналитика от А до Я, или инструменты веб-анализа сайта для новичков".

Ирыԥшаауазеи ахархәаҩцәа асаитқәа рҿы? Аинформациа аналаиз шԥаҭалатәу? Онлаин-сессиақәа рҟны алахәылацәа ирзеиҭарҳәоит веб-аналитика закәу, ҿыц иалагаз ахархәаҩцәа иддырдыруеит веб-анализ ахархәашьақәа.

Образовательный проект - SputnikPro. Лекция Олега Щедрова - Sputnik Аҧсны
SputnikPro авебинар: аӡбарҭа уаҵанамкуа аматериал аиллиустрациа шазутәу

Авебинар алахәылацәа рызҵаарақәа аҭак риҭоит ЖәАА "Россия сегодня" авеб-аналитик Игор Тугушев.

Иара иҟазаратә мҩа хациркит программистк иҳасаб ала, нас веб-аналитикс аӡыргаратә маҵзура "Адлабс" аҟны, аус иуан жәларбжьаратәи аилахәырақәа рҿы азеиԥш маркетингтә стратегиа амҩаԥгаразы, аналитика аусхк аҟны аҭҵаарақәа мҩаԥигон.

Онлаин-сессиахь ааԥхьара рымоуп афотоҭыхыҩцәа, абильдредакторцәа, ажурналистцәа, аблогерцәа, АИХқәа рхадацәеи апресс-маҵзурақәа русзуҩцәеи. Ахалархәра зҭаху ашәҟәы нарышьҭыр ҟалоит рхалархәышьа арбаны. Аинформациа цҵа: +7 940 9977022.

SputnikPro — ааигәатәи аҳәаанырцә ажурналистцәа рзы имҩаԥырго рккаратә проект ҷыдоуп.

Апроект SputnikPro урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии иреиӷьу амедиаменеџьерцәа, ажурналистцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, аиҳабыратә курсқәа рыстудентцәа уҳәа имҩаԥырго асеминарқәеи, амастер-классқәеи, алекциақәеи ирсистемоуп. Адунеи атәылақәа 22 рҟны: Ермантәыла инаркны Индианӡа, Бырзентәыла инаркны Китаинӡа имҩаԥыргахьеит. 2018 шықәса раахыс апроект рхы аладырхәхьеит 80 тәыла рҟынтәи 3000-ҩык алахәылацәа. Иҿыцу ажәабжьқәа Facebook аҟны шәрызҿлымҳаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0