Аҩбатәи атур иазхәыцны: Аԥсны АКХ адепутатцәа ралхра иадҳәалахо ахарџьқәа аԥхьаӡеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии. ЦИК
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса ԥхынгәы 12 рзы иҭацәу аҭыԥқәа рҿы.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада ишьақәнаргылаз асмета инақәыршәаны Апарламент ахь алхрақәа рхарџь иартәоит ҩ-миллионки бжаки рҟынӡа аԥара. Абри атәы иҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
АКХ аҟны адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба ҭарҩит

"Лаҵара 27 рзы аԥыза-министр иахь инаҳашьҭит Аԥсны Алхратә комиссиа хада ишьақәнаргылаз асмета. Уи ҭҵааны ианышьақәдырӷәӷәалак ашьҭахь ауп аҳәара анҳалшо алхратә компаниа афинанстә ҵаҵӷәы амоуп ҳәа. Ари асметаҿ иарбо аԥара уаанӡатәи алхрақәа раан абарҭ аокругқәа рҿы иныхыз иахыҳәҳәом", - иҳәоит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ишазыԥхьагәаҭоу аҩбатәи атур аныхрақәа. Гогьиа иҳәеит асмета ашьақәыргылараан ишрызхәыцыз аиҿкаараз иахәҭоу атауарқәа рыхәԥсақәа реизҳара.

Лаҵара 28 ашьыжьтәи адыррақәа рыла АКХ аҿы ашәҟәы иҭаҩуп акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа хԥа.

Аԥсны Алхратә Комиссиа Хадаҟны адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба ҭарҩит лаҵара 26 рзы: Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №18 аҟынтәи ашәҟәы дҭагалоуп Асҭамыр Ахба, Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31 аҟынтәи – Гарри Кокаиа.

Адырҩаҽны ашәҟәы иҭагалан Ҭамаз Леиба икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ (Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10).

АКХ аҟны аҽҭаҩразы аԥшьгаратә гәыԥ алхыҩцәа рнапынҵамҭақәа 200-250 еизыргароуп. Аполитикатә партиа АКХ аҿы иҭарыҩуеит нас аизара ду аҿы депутатс иқәнаргыло икандидатураз аӡбра аднакылоит.

Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз аҭыԥқәа ԥшьба рахь: уаанӡатәи атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Алхрақәа мҩаԥысуеит: Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31, Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №18, Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10, Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14.

Далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит абжьыҭира иалахәыз алхыҩцәа реиҳараҩык рыбжьы зырҭаз. Алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа ишьоуп асиа иану рҟынтәи инеиз рхыԥхьаӡара 25% еиҵазар.

Алхратә округ аҿы ҩыџьеи инареиҳани ркандидатурақәа ықәгылазар, урҭ рҟынтәи аӡәгьы далхымзар аокругтә алхратә комиссиа аӡбра аднакылоит аиҭалхрақәа рымҩаԥгаразы еиҳа абжьы зауз акандидатцәа еиҭақәыргыланы. Аиҭабжьыҭира мҩаԥысуеит ҩымчыбжь ирхымгакәа.

Аԥсны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит дарбанызаалак 25 шықәса ирҭысхьоу, алхратә зин змоу атәылауаҩ. Депутатс иҟалар ҟалом зус рыӡбахьоу, аҩыжәреи, арыҩшьыгақәеи зыҽрыдызцало ҳәа ишьоу, апсихикатә шьақәҟьара змоу. Абжьыҭара азин ырмоуп 18 шықәса ирҭысхьоу атәылауаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0