Саида Быҭәԥҳа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп

© Foto / из личного архива Саиды БутбаСаида Бутба
Саида Бутба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, лаҵара 12 рзы ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Саида Быҭәԥҳа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аслан Бжьаниа лаҵара 28 рзы.

Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дыҟоуп Алхас Кәыҵниа.

Саида Быҭәԥҳа 2009 шықәса раахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет аҟны административтә зин рылҭоит. Иара убасгьы Аҟәатәи иаарту аинститут аҿы аус луеит.

Аус луан Адыга Хасэ аҳәынҭеилакы аппарат аҿы, Ареспублика Адыгеиа иҟаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакраҿы, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзураҿы.

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥган хәажәкыра 22 рзы. Ахадарахьы иқәгылан хҩык акандидатцәа - аоппозициатә блок аиҳабы Аслан Бжьаниа, апартиа "Акзаара" ахантәаҩы Леонид Ӡаԥшьба, Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аслан Бжьаниа аиааира игеит, уи изы рыбжьы арҭеит 56,5% алхыҩцәа. Ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит мшаԥы 23 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0