Ренат Қарчаа астратегиатә еимадарақәа рзы ахада ицхырааҩыс дҟаҵоуп

© Foto / из личного архива Рената КарчааРенат Карчаа
Ренат Карчаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа ахәаша, лаҵара 29 рзы.

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Астратегиатә еимадарақәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩыс дҟаҵоуп асоциолог, аполитолог Ренат Қарчаа.

Ренат Қарчаа диит ԥхынгәы 17, 1966 шықәсазы Уфа ақалақь аҟны (Башкириатәи ССР). 1972 шықәсазы Аԥсныҟа нхара диасит, Аҟәа ихәыҷреи иқәыԥшреи мҩасит. Аҵара иҵон Пушкин ихьӡ зху аҩбатәи ашкол аҿы. Абжьаратә ҵара хиркәшеит ақалақь Горьки (уажәы - Нижни Новгород) аҟны 150-тә ашкол аҿы хьтәы медалла.

Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны
Алхас Кәыҵниа Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵоуп

1984—1985 шықәсқәа рзы Таллин аррамаҵура дахысуан СССР Арбџьармчқәа рҿы (Естониатәи ССР). Ибзиаӡаны ихиркәшеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет 1990 шықәсазы.

1996 шықәсазы акандидаттә диссертациа ихьчеит, уи темас иаман "анапхгараҭара асоциологиа". 2012 шықәсазы ибзиаӡаны далгеит Амилаҭтә нхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Урыстәылатәи ракадемиа амагистратура. Изанааҭ ҷыда: анапхгараҭаратәи афинанстәи зин.

1990 шықәсазы аусура далагеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак аҟны. 1991 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс далхын.

1993-1995 шықәсқәа рзы Ренат Қарчаа Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт адиректорс дыҟан.

Алхас Ҷолокәуа  - Sputnik Аҧсны
Алхас Ҷолокәуа Аԥсны ахада иҿы иҟоу АИХқәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп

1998 - 2002 шықәсқәа рзы аус иуан Урыстәыла аиустициа аминистрра иатәу Урыстәылатәи азинтә академиа азинтә социологиеи азакәанԥҵара ахырҳагареи рыҟәша аиҳабыс.

2002 - 2005 шықәсқәа рзы - Мурмантәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩыс, Мурмантәи аобласт аиҳабыра алахәылаҩыс.

2011 - 2013 шықәсқәа рзы аус иуан аҳәынҭқарратә корпорациа "Росатом" аҟны.

2014 - 2015 шықәсқәа рзы Ренат Қарчаа аус иуан Урыстәыла Алхратә комиссиа хада асистемаҟны.

2015 - 2017 шықәсқәа рзы Аҳәынҭқарратә корпорациа "Роскосмос" аҳәынҭқарратә мчра аус рыцуразы адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0