Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Шьинаси Ҭраԥшь: Аԥсныҟа сызгоз адәыӷба ццакуазшәа, сгәазхара исызбомызт

© Foto / из личного архива Шинаси ТрапшШинаси Трапш
Шинаси Трапш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыԥсадгьыли зыуаажәлари рахь имоу абзиабара зҩымҭақәа рыла иаазырԥшуа, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Шьинаси Ҭраԥшь игәҭахәыцрақәа шәрыԥхьарц шәылшоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҭоурых иаҵаҵәаху амаӡақәа егьа аамҭа царгьы рхы цәыррымгар залшом. Акыр ихьаауп ҳаиҳабацәа ирдыруаз ахҭысқәа реиҭаҳәара раӡаанӡа рыԥсҭазаара иахьалҵыз.

Кефкен. Турция. - Sputnik Аҧсны
Зқьыла аԥсҭазаарақәа ахьҿыцәааз Қьефқьен: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш азы

Амҳаџьырра иацыз ахьааи агәырҩеи зкьымсыз аԥсыуа ҭаацәарак ыҟамзар ҟалап, ахҵәареи ахыԥсаареи зқәашьхаз ҳауаажәлар адунеи атәылақәа иԥсаҟаьаны ирылаԥсоуп. Урҭ акыр иазхьаауеит рыԥсадгьыл, акыр гәыҵхас ирымоуп рыуаажәлар, егьа ус акәзаргьы гәыла-ԥсыла еимадоуп, еигәныҩуеит, еибаԥшаауеит аамҭаказы аҭоурых еиҟәнашахьаз аԥсуаа. 80 шықәса инарҭысхьоу, Ҭырқәтәыла, Дузџьа ақалақь аҿы инхо Шьинаси Ҭраԥшь иабшьҭра Анхәантә ахҵәара иақәшәеит. Уижьҭеи дара рхылҵ нхоит атәым жәҩан аҵаҟа. Аԥсназы згәы былуа, зылаԥш еснагь зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихоу, уи ажәа лыԥшаахқәа азызкуа Шьинаси Ҭраԥшь акыр иҵаулоуп игәҭахәыцрақәа, ашьха ӡыхь еиԥш ицқьоуп иаԥсшәа, убас еиԥшҵәҟьа ухнахуеит иныҟәиго аԥсуара, аҵас, ақьабз. Аҭоурых ашьҭа дазхьаԥшуа, Шьинаси Ҭраԥшь ҳаиҿцәажәараҟны иазгәеиҭаз ахҭысқәа рацәоуп.

"Сабду Сабаҟаи Ҭраԥшь 15 шықәса анихыҵуаз ианшьцәа Цыгәаа дрыцны Аԥснынтә Ҭыркәтәылаҟа дыхҵәаны дааит. Ианшьцәа Цыгәаа рқыҭаҿы деизҳаит, дҭаацәарахеит, Базԥҳакгьы дааигеит, санду Базԥҳан. Сан Уанаҿаԥҳан, Сариа лыхьӡын. Сабду ианшьцәа дахьрыцыз азы, ара иахьааизгьы Саӡқеҩ (Саӡқыҭа) Цыгәаа дрыланхеит. Ҭраԥшьаа, Ҭырқәтәыла, Анхәа ҳәа зыхьӡҵаны еиҿыркааз ақыҭаҿы инхон. Ҭырқәшәала, Мураҭбеи-қеҩ ҳәа иашьҭоуп. Мураҭбеи ззырҳәогьы - Аргәын Мураҭ ҳәа ақыҭа еиҳабыз иара иакәын, убри азы иара ихьӡ ахырҵеит", -хәа азгәеиҭоит Шьинаси Ҭраԥшь.

© Foto / из личного архива Шинаси ТрапшШинаси Трапш
Шьинаси Ҭраԥшь: Аԥсныҟа сызгоз адәыӷба ццакуазшәа, сгәазхара исызбомызт - Sputnik Аҧсны
Шинаси Трапш

Ҳџьынџьуаҩ Шьинаси Ҭраԥшь диит Ҭырқәтәыла, Саӡқеҩ ақыҭаҿы, уаҟа имҩасит ихәыҷра. Уаҟоуп иахьиаҳаз аԥсуа бызшәа абжьы, уаҟоуп иахьибаз иабдуцәа иныҟәыргоз аԥсуарагьы.

"Сара саб Ҳалық ихьӡын. Сабду ихшара жәҩык ыҟан, зегь иреиҳабыз аибашьраҿы дыбжьаӡит, иԥсрагьы ибзарагьы уаҩы изымдыруа иаанхеит. Уи иеиҵбыз дыӡӷабын, Аҩӡбак дигеит, уигь лыԥшәма Балкан иҟаз аилаҩынтра далаӡит, дышҿаз деибаханы лаб иҩныҟа дааит саҳәшьа. Сабду ахԥатәи ихшазгьы дхаҵарԥысын, икьарахә ширыцқьоз иҭҟьаны дашьит. Уи ишьҭанеиуаз иакәын сара саб Ҳалық, уи иеиҵбы Шьақьыр ҳәа дыҟан, иара хшара димамызт. Шьақьыр иеиҵбацәаз ԥшьҩык аҳәса хәыҷқәа ыҟан. Урҭ рыхшара, рмаҭацәа еиҵаҩҩы иҟоуп уажәы",- иҳәеит Шьинаси Ҭраԥшь.

Еџье Ҭраԥшьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Еџье Ҭраԥшьԥҳа: раԥхьатәи аԥшаах збеит сабдуцәа ахьҭыҵыз Анхәа ақыҭаҿы

Шьинаси Ҭраԥшь игәы иаланы иҳәон, аҿкы чымазара бааԥсы зыхьны заа зыԥсҭазаара иалҵыз аԥсуаа шырацәаз Ҭырқәтәыла, ус еиԥш иҟаз аамҭа бааԥсык иалиааит. Ақыҭаҿы ирылалаз аршра чымазара Шьинаси ианду , иабду, иара убас иан лганахь ала иандугьы, сыуацәа збоит ҳәа ақыҭарахь дахьцаз аҿкы дагеит. Иаб ҩыџьа иаҳәшьцәагьы уи ачымазара иагеит. Шьинаси иани иаби хәҩык ахацәарԥар рхылҵит, зегьы иреиҵбу иоуп ҳара ҳзыҿцәажәо. Шьинаси Ҭраԥшь гәыблыла игәалаиршәоит раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа данааз амшқәа ртәы, уи иара иԥсҭазаара шьақәзыргылаз, иԥсынҵры иацызҵаз мшқәоуп.

"Раԥхьаӡа сыԥсадгьыл саҭааит 1968 шықәса рзы, сымала снеит. Аҩынтә раан, 40-ҩык еидызкылоз агәыԥ саланы снеит 1991 шықәса, ԥхынгәымзазы, жәамш ҳаҟан, уи еиҿызкаазгьы Мумҭаз Шамба иоуп. Сара Аԥсныҟа ҩынтә снеира еиҭазҳәауа ашәҟәы зҩит аҭырқәшәала, аԥсышәала еиҭаганы иаҳҳәозар : "Ииҭахузеи, абри Шьамси?"- ахьӡуп. Аԥсныҟа инасышьҭит, аха аԥсшәахь еиҭаргахьоума сыздыруам. Аҩбатәи ашәҟәгьы аԥсуаа ирызкны, иааркьаҿ-ркьаҿны алафтә ҟазшьа змаз анҵамҭақәа анысҵеит",- ҳәа азгәеиҭеит Ҭраԥшь.

© Foto / из личного архива Шинаси ТрапшШинаси Трапш
Шьинаси Ҭраԥшь: Аԥсныҟа сызгоз адәыӷба ццакуазшәа, сгәазхара исызбомызт - Sputnik Аҧсны
Шинаси Трапш

Шьинаси Ҭраԥшь игәабзиара шҭышәынтәаламызгьы, Аԥсны иадҳәалаз ихәыцрақәа есааира рыҽԥдыртлон, хрыжь-хрыжь еиҭеиҳәон игәаҵаҿы аҭыԥ аанызкылоз ажәабжьқәа.

"Сыԥсҭазаара зегьы сҩымҭақәа рахәыц ҟаԥшьны иргәылсуеит, ус ажәала исзеиҭамҳәо рацәоуп. Аԥсны аӡбахә анысҳәо мцаҵас сбылуеит, сықәра наскьеит уажәшьҭа, сгәабзиара ишысҭаху еиԥш иҟам. Ҩыџьа аԥацәа сымоуп, рыԥсҭазаара араҟа имҩасуеит. Аиҳабы Шамиль дҭаацәароуп, илызҳауеит иԥҳа хәыҷы, аиҵбы Шьади ихьӡуп. Рҩыџьагьы Аԥсны инеихьеит, рашьцәеи дареи еибабахьеит, рыуаажәлар ирылаԥшхьеит",- дҳацәажәон Шьинаси Ҭраԥшь.

Аԥсадгьыл иазку агәҭахәыцрақәа, зыуаажәлар рыбзиабара зкалам аԥынҵа иҵызхыз Шьинаси Ҭраԥшь, иабдуцәа зныҵыз иԥсадгьыл ахь даанӡа ажәеинраалақәа иҩуан, аха илаз арҿиаратә баҩхатәра араҟа еиҳагьы ахы цәырнагеит.

Саида Жьиԥҳа лышәҟәы Амра ашәахәақәа Сҭампыл аӡыргараан - Sputnik Аҧсны
Агәыбылра амца еиҳагьы иацлеит: "Амра ашәахәақәа" Ҭырқәтәыла ишӡыргаз

"Усҟан ус ашәҟәқәа зыҩуамызт, аус салан, аамҭа сымамызт. Аԥсшьара санца ашьҭахь ауп ашәҟәыҩра саналага. Аԥсны избаз, исаҳаз, сзыниаз зегьы ашәҟәы абӷьыцқәа рҿы иаасырԥшырц азысыӡбеит, уи сара сыԥсҭазаароуп",- иҳәеит Шьинаси Ҭраԥшь.

Шьинаси Ҭраԥшь излаиҳәаз ала, раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа ааԥхьара изҭаз Гьаргь Ҭраԥшь иоуп, иара Ҟәланырхәатәын, аха Аҟәа ақалақь аҿы дынхон. Урҭ аамҭақәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа ҳарҭгьы иҳаилиркааит.

"Сара мызкы Гьаргь Ҭраԥшь иҩнаҿы сынхон. Даара Аԥсны сиреимдеит, хашҭра зқәым мшқәаны, ҵхқәаны сгәаҵаҿы иаанхеит. Мышкы Қарҭ сынхеит, ерманык сисасхеит. Аҭел аномерқәа рсиа ҟаҵаны исыман, патреҭ хәыҷык сџьыба иҭан, убри апатреҭ хәыҷы аерманы инаисыркын, дасырц иасҳәеит. Ахаҿы ианыз аҭел аномер ылихит, изтәызгьы ҳпоетесса Нелли Ҭарԥҳа лакәын, лареи сареи ҳаиирцәажәеит, сышнеиуаз ласҳәеит. Ауха идәықәлаз адәыӷба сҭалеит, ашьыжь Аҟәа сҟалартә еиԥш. Нелли Ҭарԥҳа, Гьаргь Ҭраԥшь адырра илҭеит сышнеиуаз ала",- иҳәеит Шьинаси Ҭраԥшь.

© Foto / из личного архива Шинаси ТрапшШинаси Трапш
Шьинаси Ҭраԥшь: Аԥсныҟа сызгоз адәыӷба ццакуазшәа, сгәазхара исызбомызт - Sputnik Аҧсны
Шинаси Трапш

Шьинаси Ҭраԥшь иахьагьы иҵәахны имоуп уи аерманы иҭаацәеи иареи рфотосахьа, иара излаиҳәо ала, даара пату иқәҵаны Аԥсныҟа амҩа дықәиҵеит.

"Адәыӷба ныҟәызцоз даԥсыуан. Егры ацҳа ҳанықәс нахыс исарҳәеит Аԥсны шакәыз. Сахьынаԥшааԥшуаз избоз абнарақәа, аӡиасқәа, аԥсабара зегьы цәажәозшәа исзааиуан. Аҟәа ҳнеиаанӡа избоз зегьы џьанаҭ иҭоу аԥшӡарақәа ракәызшәа сзааиуан. Адәыӷба ирласны ицозшәа сгәы иаанагон, маҷ-маҷ ицалар сҭахын, сгәазхара сзынаԥшааԥшуамызт, сылаԥш зхьымӡоз хьаас исыман. Ус Аҟәа снеит, уаҟа исԥылеит Гьаргь Ҭраԥшь, Анзор Мықәба, Шьалодиа Аџьынџьал. Убас ҳаԥшьҩык ҳаиманы ҳцеит Гьаргь иҩнахьы. Урҭқәа исхашҭуа акоума?..", - игәалашәарақәа ҳацеиҩишон Шьинаси Ҭраԥшь.

© Foto / из личного архива Шинаси ТрапшШинаси Трапш
Шинаси Трапш - Sputnik Аҧсны
1/4
Шинаси Трапш
© Foto / из личного архива Шинаси ТрапшШинаси Трапш
Шинаси Трапш - Sputnik Аҧсны
2/4
Шинаси Трапш
© Foto / из личного архива Шинаси ТрапшШинаси Трапш
Шинаси Трапш - Sputnik Аҧсны
3/4
Шинаси Трапш
© Foto / из личного архива Шинаси ТрапшШинаси Трапш
Шинаси Трапш - Sputnik Аҧсны
4/4
Шинаси Трапш
1/4
Шинаси Трапш
2/4
Шинаси Трапш
3/4
Шинаси Трапш
4/4
Шинаси Трапш

Шьинаси Ҭраԥшь иԥшәмаԥҳәыс Кьылԥҳауп, Гиунаи лыхьӡуп, лыԥшәма излаиҳәо ала, аԥсшәахь еиҭаугозар Мрамза лыхьӡуп. Иара дазгәыдуны иҳәоит, Аԥсуа нбан иабзоураны аҩреи аԥхьареи шиҵаз, иҭаацәа ирҿиҵааз аԥсуа бызшәа анаҩс, дзыԥхьоз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа анырра шыҟарҵаз. Аԥсуа ҭаацәара, аԥсшәа аԥсы ахьҭоу, ауаҩра аԥыжәара ахьагоу Ҭраԥшьаа рҭаацәа Аԥсныҟа асаламқәа аарҭиуеит, аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаршьоит рыуаажәлаар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0