Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа быжь-миллионк ақәуп

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраХымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа быжь-миллионк ақәуп
Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд Аԥсныфармациа аҿаԥхьа быжь-миллионк ақәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд "Аԥсныфармациаҟны" амедицинатә усҳәарҭақәа рзы иаанахәоит акьыбачырақәа разԥхьагәаҭаразы ахәшәқәа.

АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Аԥсны Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса Афонд АУН "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа быжь-миллионк ауал ақәуп аҵыхәтәантәи амзақәа рыҩнуҵҟала ҳәа аԥыза-министр Александр Анқәаб иалҳәеит реиԥылараан Афонд ахантәаҩы Валентина Жьиԥҳа.

Афонд аԥаразхара ахьамам акьыбачымазара змоу хәшәыла реиқәыршәаразы ауснагӡатәқәа акыр ишьақәнаҟьоит ҳәа азгәалҭеит Жьиԥҳа. Аԥкырақәа раамҭазы аҵыхәтәантәи амзақәа раан Афонд ахь ахыԥхьаӡалақәа акыр илаҟәит.

Жьиԥҳа лажәақәа рыла, 2020 шықәса аԥхьатәи хәымз рыҩнуҵҟа Афонд ахь инеиз 10 миллионки 121 нызқьмааҭ роуп, планла 17 миллиони 500 нызқь мааҭ иахьазыԥшыз.

Убас мшаԥымзазы Афонд иаиуит миллионки 847 нызқь мааҭ, лаҵарамзазы – ҩ-миллион мааҭ.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб Афонд анапхгара рнапы ианиҵеит "Аԥсныфармациа" ауал ашәара аграфик аздырхиарц акьыбачымазара змоу ишахәҭоу ала реиқәыршәара апрограмма аус аруразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0