Анқәаб ареспублика ауааԥсыра хәшәыла реиқәыршәара азҵаара далацәажәеит

Анапаҵаҩра
Александр Анқәаб иазгәеиҭеит льготала ахәшәқәа ззеихыршо ауаа иаку аҳәынҭқарратә база рҭагалара хымԥада ишаҭаху.

АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб аилацәажәара мҩаԥигеит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи "Аԥсныфармациа" адиректор Рустам Адлеибеи алархәны. Аилацәажәараан изҵаара хаданы иқәгылан ареспублика ауааԥсыра хәшәыла реиқәыршәара. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд Аԥсныфармациа аҿаԥхьа быжь-миллионк ақәуп - Sputnik Аҧсны
Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа быжь-миллионк ақәуп

Аилацәажәараан Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иҳәеит аусбарҭа курсла аҽыхәышәтәра ада ԥсыхәа змам атәылауаа хәшәыла реиқәыршәаразы хықәкылатәи апрограммақәа жәпакы шынанагӡо, аха иахьатәи аамҭазы урҭ рынагӡара 30% еиҳам ҳәа.

Арахь иаҵанакуеит абарҭ рҩызцәа апрограммақәа: "Агәыҵәкра иаҿагыланы ауааԥсыра рыцхраара", "Ахәышәтәырҭатә усҳәарҭақәа рзы џьарак ахәшәқәа раахәара", "Атерминалтә ҷаҷа зымхара змоу ачымазаҩцәа рзы аԥсахратә терапиа аҿиареи аиӷьтәреи реиқәыршәара " уҳәа егьырҭгьы.

Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит апрограмма "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа льгота ҳасабла хәшәыла реиқәыршәара" ес-ԥшьбарак 12 миллиони 500 нызқь мааҭ аҭахуп, иааидкыланы есышықәса – 50 миллион мааҭ. Апрограмма иалахәуп 8 500-ҩык Аԥсны атәылауаа. Иахьазы ари апрограмма аус ауам.

"Иарбоу апрограммақәа аԥара рзоужьразы Афинансқәа рминистррахь ахәаԥшразы ашәҟәы нашьҭуп", - ҳәа аҳәоит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара асаит.

"Аԥсныфармациа" анапхгаҩы Рустам Адлеиба еиҭеиҳәеит анаплакы зымаҵ ауа Агәабзиарахьчара аминистрра, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд, Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд дара рҿаԥхьа 30 миллион мааҭ ауал шрықәу.

Агәабзиарахьчара аминистрра ауал – 18 миллион мааҭ; Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд ауал –7 миллион мааҭ; Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ауал – 9 миллион мааҭ.

Анқәаб Агәабзиарахьчара аминистрреи Афинансқәа рминистрреи ирыдиҵеит ауалшәара аграфик шьақәдыргыларц.

Аиԥылараҿы иара убасгьы иалацәажәан анырра ӷәӷәаны иҟазҵо ахәшәқәеи ахәшәлыхқәеи рыла ауаа реиқәыршәара апроцесс еиҳа еиӷьны ишеиҿкаатәу. Александр Анқәаб иазгәеиҭеит льготала ахәшәқәа ззеихыршо ауаа иаку аҳәынҭқарратә база рҭагалара хымԥада ишаҭаху.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0