Аҟәа ахәышәтәырҭаҟынтәи ибналаз ахаҿы иҽриҭеит

© Sputnik Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРуки в наручниках. 07.06.2020
Руки в наручниках. 07.06.2020 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гурген Кракосиан уаанӡагьы аусӡбара даҵанакхьан. Уажәы ибналара адагьы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада рымазаара ихарарҵоит.

АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Рашәара 1 азы Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадаҟынтәи ибналаз, зус рыӡбараны иҟаз Гурген Киракосиан азинхьчаратә усбарҭақәа иҽриҭеит ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

"Киракосиан азинхьчаратә усбарҭақәа рахь дцәырҵны ихы риҭеит рашәара 4 рзы иара иганахьала аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан", - ҳәа арбоуп адырраҭараҿы.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Иашҭхәа ақыҭан инхо Гурген Киракосиан, абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада рымазаара зхараҵаны зус рыӡбараны иҟаз, Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахирургиа аҟәшаҿы дышьҭан.

Рашәара 1 ашьыжь асааҭ фба рзы иара инапқәа злаҿаҳәаз ԥыртны, ашьаршьафқәа еидҿаҳәаланы ахԥатәи аихагыла аԥенџьыр аҟынтәи дылбааны дыбналеит.

Абри ахҭыс ала Киракосиан иганахь ихацыркын "дахьҭакыз аҟынтәи абналара" иаҵанакуа ацәгьоуразы ахәҭаҷ инақәыршәаны.

Уажәы Киракосиан Аԥсны ААР аамҭалатәи аанкыларҭаҿы дҭакуп ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0