Амифи алабҿабеи: Лӡаа иаԥну ахәыҳаракырақәа руак Аҵангәара ҳәа иашьҭоуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАҵанаа арахә ахьҭаркуаз
Аҵанаа арахә ахьҭаркуаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥхьыӡқәа рыдагьы иуԥылоит ауаа рхала ахьыӡқәа зырҭаз аҭыԥқәагьы. Урҭ иреиуоуп Аҵангәара ҳәа изышьҭоу Лӡаа ақыҭа иаԥну ахәыҳаракырақәа руак. Уи аӡбахә Sputnik ажурналист Саида Жьиԥҳа илзеиҭеиҳәеит Игорь Џьакониа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Игорь Џьакониа диит, дааӡеит Лӡаа ақыҭа. Иара дшыхәыҷызнатә бзиа ибон аԥсабара, аԥстәқәа, аԥсаатәқәа. Убри аҟнытә, ихала абнарахь, ашьхарахь, насгьы шәарыцара дцо даналагала, лассы-лассы дхалон Лӡаа ақыҭанхацәа Аҵангәара ҳәа изышьҭаз, уамак ирцәыхарамыз ахәыҳаракырахь. Араатәи ашәаԥыџьаԥ, анаԥшырҭатә дәы ҽакы иузаларҩашьом. Амшын агәы ухыԥшыло, аҳауа зҩыда лбаадо, џьанаҭ ҭыԥуп аиашазы. Игорь Џьакониа иажәақәа рыла, ари ахәы Аҵангәара ҳәа ақыҭауаа иахырҵеит абахәтә ҭыҩрақәа рацәаӡаны иҟоуп азы. Ажәытәан, аҵануаа араҟа арахә ҭакны ирыман ҳәа жәабжьны еиҭарҳәалон.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАҵан арахә ахьҭаркуаз
Амифи алабҿабеи: Лӡаа иаԥну ахәыҳаракырақәа руак Аҵангәара ҳәа иашьҭоуп - Sputnik Аҧсны
Аҵан арахә ахьҭаркуаз

"Сара саныхәыҷыз, санду Туша Барцыцԥҳа Аҵангәарала Бзыԥҭаҟа сылгон. Амҩахәасҭақәа маншәаланы иалдан азы ауаа ныҟәон. Исгәалашәоит, аҭыҩрақәа ҳанрывсуаз, "аҵануаа арахә ахьҭаркуаз убо" ҳәа сышхьалырԥшуаз. Саргьы, "нанду, изусҭцәадаз аҵануаа? ҳәа санлазҵаауаз, "урҭ урала ихәыҷқәаз, злеишәа џьбараз, аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи рҟәаҟәа иқәтәаны инеиаауаз" ракәын ҳәа, еиуеиԥшым рҟазшьаҷыдарақәа ртәы сзеиҭалҳәалон. Иара убарҭ ажәабжьқәа ракәзаргьы ҟалап изыбзоурахаз, иахьа уажәраанӡа зымаӡақәа ҭҵаам ари ахәыҳаракырахь исымоу аинтереси абзиабареи", - ҳәа наҵишьит иара.

Аркадий Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа: Бзыԥтәи аҩхааҟны ахсаала ианымыз аҵангәара ҳаԥшааит

Игорь Џьакониа изныкымкәа абыргцәа рҟынтә иаҳахьан, Аҵангәара анкьа аԥсҭазаара ахьеилашуаз қыҭан ҳәа. Инхозгьы реиҳараҩык амшынтә хәаахәҭрала зшьапы азыркыз аҭырқәцәа ракәын.

Аҵангәара рыгәҭылакуп Лӡаа, Асычқәа, Амжәықәхәа (Агараки), Калдахәара ақыҭақәа. Иналс-алсны ицақәоз ауаа изныкымкәа ирԥыхьашәахьан аиспантә песо аԥараҿарпы, анышәаԥшьтә хыԥҽыхақәа, аҳәа, иахьагьы иҟоуп аҭырқәа ԥсыжырҭақәак.

"Ажәытәан ауаа Аҵангәара аҵакыраҿы ирбоз аҭоурыхтә ҟәырҷахақәа, Амжәықәхәа ашколтә музеи иарҭон, аха еилкаам амзызқәа ирхырҟьаны, акыр шықәса раԥхьа иӡит. Сара агәра ганы сыҟоуп, Аҵангәара археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥгахар, егьа мали, маӡеи шцәырҵуа", - ҳәа азгәеиҭеит Игорь Џьакониа.

Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Барцыцгьы иҳәеит, Лӡаа иаԥну ахәыҳаракырақәа руакы Аҵангәара ҳәа аҭыԥантәи анхацәа роуп иахьӡызтәыз ҳәа. Ахыҵхырҭақәа рҿы излаарԥшу ала, аҵан ашьхарақәа рҿы акәын иахьынхоз, амшын иахьацәыхараз. Лӡаа, ишдыру еиԥш, амшын аԥшаҳәаҿы ишьҭоуп.

Сухопутные черепахи в Пицунде - Sputnik Аҧсны
Адгьылбжьарамшынтә акәуақәа Лӡаа ақыҭанхацәа хылаԥшра шрырҭо

Аҵанаа ирыдҳәалоу ажәабжьқәа рацәаӡоуп. Игорь Џьакониа иаҳзеиҭеиҳәеит ианду лҟынтә иаҳахьаз версиак.

"Аҵанаа анхара-анҵыра бзиа ирбон. Еиҳарак рнапы алакын арахәааӡара. Рхы иааҭашәар, абнатә ԥстәқәа ирызгәамҭакәа ахш рымырхуан, аԥсаатә ҵакны инеиааиуан. Мыцхәы еилҟьан, иџьбаран, аха рыцҳарас иҟалаз, анцәа дхарҵомызт. Адунеи изханыӡӡазгьы, Ҳазшаз дрызгәааны амца ахьрылаиҵаз азоуп", - ҳәа Туша Барцыцԥҳа лҳәамҭа игәалашәоит амоҭа.

Аҵангәара иҟоу аҭыҩрақәа саргьы сыблала избеит. Амала иҭшәоуп, ауаҩы иҭиҵаартә иҟам, џьара-џьара узҭаларгьы, бнароуп, маҭык уцҳар ауеит азы ишәарҭоуп. Аха урҭ аки-аки шеимадоу Игорь алақәа рыбзоурала еиликааит. Акы иҭало, џьарантәи иҭыҵуа еимдон. Иҟалоит аашьышь (барсук) рҭыҩрақәа ракәзаргьы.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАҵанаа рырахә ахьҭаркуаз
Амифи алабҿабеи: Лӡаа иаԥну ахәыҳаракырақәа руак Аҵангәара ҳәа иашьҭоуп - Sputnik Аҧсны
Аҵанаа рырахә ахьҭаркуаз

Лӡаа ақыҭа иаԥну ахәыҳаракыра Аҵангәара, анашанатә бнароуп ҳәа азуҳәар ауеит. Иазгәаҭатәуп, араҟа ишуԥыло хыԥхьаӡара рацәала Ашәҟәы ҟаԥшь иану адгьылбжьарамшынтә акәуақәагьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0