Аԥыза-министр Аминистрцәа реилазаара аекономикатә блок алархәны драцәажәеит

© Пресс-служба Кабмина АбхазииСовещание экономического блока
Совещание экономического блока  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәырмазиа.

АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб Аминистрцәа реилазаара аекономикатә блок алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит абиуџьет анагӡара, ашәахтә лагалақәа рынагӡара рызҵаарақәеи ашәахтә система амеханизмқәак реиҭакра азҵаарақәеи рылацәажәаразы ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Деньги - Sputnik Аҧсны
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра лаҵарамзатәи алагалақәа рзы аҳасабырба ҟанаҵеит

Аилацәажәара алахәылацәа иазгәарҭеит Аԥсны ауалафахәы аиура апроблемақәа азцәырҵыр шалшо абиуџьет аусхк аҟны.

"Лаҵарамзазы ареспубликатә биуџьет иаиуит шәахтә ҳасабла 266 миллион мааҭ. Хәымз рыҩнуҵҟа планла 871 млн. ахьахәҭаз 849 миллион мааҭ аланагалеит. Абас ала хәымзтәи аплан анагӡара иартәоит 97%", - иҳәеит ашәахтәқәеи алагалақәеи рминистр Даур Кәырмазиа.

Иара иҳәеит рашәара 1 азы ауал астандарттә хышәа-ҵышәахь инеит, 102 миллион ыҟан ҳәа.

Уи иаанаго ашәахтә ҭаҵәах, уаанӡатәи аамҭақәа руал ала ишьақәгылаз, кьаҿхеит, ус анакәха аплан анагӡара абарҭ ауалқәа рыла ахарҭәаара залшом.

"Ауал зегь ҳзеизгар, рашәарамзазы ахыԥхьаӡара ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны еиҵамхар, 170 миллион еиҳамкәа еизаагоит, аха иҟоуп азԥхьагәаҭарақәа уи акыр еиҵахар алшоит ҳәа. 2020 шықәса рашәарамзатәи аплан 190 миллион мааҭ артәоит", - иҳәеит Кәырмазиа.

Уи адагьы иалацәажәан ахәԥсацҵазы ашәахтә хра аманы аҟазаара.

"Аиԥылара алахәылацәа иазгәарҭеит ахәԥсацҵазы ашәахтә (НДС) хра амазааразы анализ иазԥхьагәанаҭароуп ашәахтә абиуџьет аиҿкаараҿы ароль аиԥш абизнес ацхырааразы аҳәынҭқарра афинанстә ресурсқәа реихшарагьы инанагӡо ароль ишазхьаԥштәу", - ҳәа аҳәоит асаит адырраҭара.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа анапынҵа риҭеит ашәахтә система ахәԥсацҵазы ашәахтә ашәара аганахьала анализ азыҟаҵазарц абиуџьет аиҿкаараан ахәцҵаз ашәахтә храс иалоу аилкааразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0