Атуризм азы аминистрра: атурсезон алацәажәара заауп

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцәтәи АИХқәа руак адыррақәа рыла, Аԥсны атуризм азы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц аҳәамҭа ҟаиҵеит ареспубликаҿы атуристтә сезон нанҳәамзазы иалагар ҟалоит ҳәа.

АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны атуризм азы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц мап ҳәа ацәикит атурсезон нанҳәамзазы ихацыркхоит ҳәа иҳәазшәа уаанӡа иара ихьӡала икьыԥхьыз аинформациа.

"Иарбанзаалак заанаҵтәи зыԥхьагәаҭарак абри аганахь ала макьаназ ииашам", - иҳәеит Барцыц.

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аартразы аинформациа иаша ауааԥсыра ирылаҳәахоит атәыла анапхгареи аоперативтә штаби ирыдыркыло аӡбамҭа ашьҭахь. Барцыц иажәақәа рыла, атурсезон нанҳәазы иаартхоит ҳәа аинформациа абри аусхк аҟны аус зуа анаплакыҩцәа азҵаарақәа рызцәырнагеит.

Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа: Аԥсны атуристтә сезон аартразы иҟаҳҵаша ҳазхәыцроуп

Хәажәкыра 30 рзы Урыстәыла аҳәаанырцәуаа рзы аҳәаа анаркит, категориақәак алхны. Рашәара 15 рҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь рҭалара ԥкуп атәылауаа ркатегориақәа зегьы аԥсуа-аурыс аҳәынҭқарратә ҳәаа аужьратә пунктқәа рыла абарҭ акатегориақәа алхны: Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русуҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәа, Еиду урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа; жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго атранспортқәа рныҟәцаҩцәа, аидаратә дәыӷбақәа рныҟәцаҩцәа.

Акоронавирустә инфекциа COVID-19 ахьыҟоу атәылаҟынтә Аԥсныҟа иаауа ахаҿқәа 14 мшы аҽыԥхьакра аамҭа иахысроуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0