Аԥснытәи атеатрқәа акарантиншьҭахьтә қәгыларақәа ирзыԥшуп

CC0 / / Занавес
Занавес - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымз инарзынаԥшуа Аԥсны атеатрқәа аус руӡом атәылаҿы акоронавирус амшала иалагалаз аԥкрақәа ирхырҟьаны.

Уажәы акультуратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа агәыӷра роуит ахәаԥшыҩцәа рзы рышәқәа аадыртып ҳәа. Атәыла атеатрқәа аԥкыраамҭа шырхырго, аспектакльқәа рахь абилеҭқәа рашәара 15 ашьҭахь аҭира изалаго, иарбан ԥхьарбароу идырхио – Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Ҩымз рышьҭахь иаатит Искандер ихьӡ зху атеатр акасса. Абилеҭқәа рыҭира иалагеит. Рашәара аҩбатәи азбжазы арепертуар азырхиоуп. Атеатр аатуеит акомедиа "Оскар" ала (афранцыз драматург Клод Манье, ипиеса).

Адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, аколлектив атәыла атеатрқәа раартра иазыԥшуп, иахәҭоуп ҳәагьы ирыԥхьаӡоит.

"Ахәаԥшыҩцәа бзиа ирбаз артистцәа рԥылара иазыԥшуп, ирҭахуп ргәы ззыҳәо аспектакльқәа рыхәаԥшра. Абилеҭқәа рыҭира ҳалагеит. Иаархәоит. Ари иаанаго сара еснагь исҳәо ауп: ахәаԥшҩы атеатр дазыхынҳәуеит. Ҳара ҳәарада ҳарзыԥшуп атәыла ахада иӡбамҭа, аоперштаб агәаанагара. Даара ҳақәгәыӷуеит атеатрқәа аусура иалагап ҳәа", - иҳәоит Хынҭәба.

Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театри Аҿар ртеатри рҿы макьаназ абилеҭқәа рыҭира иаламгацт аха уаҟагьы ахәаԥшҩы дыгәхьааргоит.

Аԥсуа драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба иажәақәа рыла, актиорцәа иаздырхиоит Едуардо де Филиппо икомедиа "Цилиндр" аԥхьарбара. Аспектакль азирхиеит актиор, арежиссиор, Вахтангов итеатр астажиор Бенар Ақаҩба.

Шарида Тужба - Sputnik Аҧсны
Ҭыжәԥҳа ахәыҷқәа рзы онлаин-қәыргыламҭа арбара иазкны: ргәы аҟаҵара ҳашьҭоуп

"Аԥкырақәа шаԥырхлак "Цилиндр" аԥхьарбара ҟалоит. Ари комедиоуп. Иара азирхиоит Бенар Ақаҩба. Ари режиссиорк иҳасаб ала иара раԥхьатәи испектакль ауп. Агәрагара сымоуп ахәаԥшцәа ишыргәаԥхо азы. Аԥкырақәа аахырхыр, репетициақәак рышьҭахь аԥхьарбара ҟалоит", – иҳәеит Ҷанба.

Аҿар ртеатр аҿгьы аԥхьарбара иазыԥшуп –"Вестсайдская история" (Артур Лорентс, ақәыргылаҩ Есма Џьниаԥҳа).

"Ари лара лдебиут ауп. Аԥкырақәа ахырхыр ҩымчыжь хымчыжь рыла аԥхьарбара ҟалоит. Егьырҭ аспектакльқәа зегь хиоуп. Сгәы иаанагоит рашәара 15 рышьҭахь аԥкырақәа ахырхып ҳәа", - иҳәоит атеатр адиректор Аслан Енықь.

Иазгәаҭатәуп аԥснытәи атеатрқәа зегьы акарантин ашьҭахь акомедиақәа рырбарала ишаадыртуа. Урҭ еиҳа аԥара еизыргоит, аха дара ирхықәкы хадоу ахәаԥшҩы апозитив иҭароуп. Аԥара аган акәзаргьы, арҭ аҩымз урҭ хашәала рымамызт.

"Ҳатеатр ԥсихологиатә ԥсшьарҭоуп, агәахәара, агәырӷьара ирҭыԥуп. Атрагедиатә спектакльқәа рышьҭахьҵәҟьагьы ахәаԥшҩы игәалаҟазара ыҟаны дцоит. Уажәы акомедиақәа ықәҳаргыларц ҳаӡбеит. Акы – афинанс ҭагылазаашьазы. Ҩба – ауаа идҳарбар ҳҭахуп аԥсҭазаара шцац еиԥш ишцо, агәырӷьара, аччара шнымҵәо", – иҳәоит Иракли Хынҭәба.

Заур Кишмария  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Қьышьмариа Тҟәарчалтәи атеатр актиорцәа рзы: аусура ианбаҭыҵуа ҳәа иԥшуп

Аԥсны атеатрқәа азыԥшуп ахәаԥшцәа рҭаара. Атеатрқәа рнапхгаҩцәа ирҳәоит аколлективқәа ари аамҭа уадаҩны ишырхырго.

"Абарҭ аамҭақәа зегьы рзы дара асценаҿ аус руамызт. Уи уныԥшуеит. Аҟазара знапы алаку иформа каимыжьроуп. Актиор изы уи асценоуп, арепетициоуп", – ҳәа иҳәоит Нодар Ҷанба.

Атеатрқәа азыхиоуп азал аҿы ауаа рыртәашьа аиҭакра.

"Ҳазлацәажәо ашахматтә ҟазшьала ахәаԥшцәа рыртәароуп – еицу ауаа рыкәша-мыкәша аҭыԥ ҭацә, асоциалтә дистанциа аԥҵара. Уи ауаа рхыԥхьаӡара иагнархоит, аха ачҳара ҳазыхиоуп. Ихадоу – аспектакльқәа рылагароуп. Спектакльда атеатр еихәлацәоит. Ахәмарыҩцәеи ахәаԥшыҩцәеи аенергетика еимырдозар ауп. Абри ауп атеатр амхалдызгьы", – ҳәа иҳәеит Иракли Хынҭәба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0