Шәҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра изныкымкәа аҳәаа иахысыр рылшоит

© Sputnik / Илона ХварцкияГраница по реке Псоу
Граница по реке Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зынӡа авирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 36-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи ааҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, 27-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аилатәараҿы иҳәеит 105-ҩык атәылауаа азин шрыҭоу рмедицинатә ҭагылазаашьа ала изныкымкәа аҳәаа иахысларц.

"Арҭ рыбжьара иҟоуп мчыбжьык аҩныҵҟа хынтә агемодиализ апроцедура ҟазҵо, акьыбачымазара змоу. Асиақәа иахьаҵәҟьа Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзурахьы инаҳашьҭуеит", - иҳәеит иара.

Уаанӡатәи адыррала Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин рашәара 8 рзы аусдҵа инапы аҵаиҩит Урыстәыла алалареи алҵреи рырԥсыҽразы.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, акарантин аамҭазы Аԥсныҟа иааган еиуеиԥшым ахәшәқәеи ахархәагақәеи 67 миллиони 353 нызқьи 772 мааҭ рыхә.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0