Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы аԥкрақәа шыҟац иаанижьит ԥхынгәы 1 аҟынӡа

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Псоу
Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы аԥкрақәа аларгалеит хәажәкыра анҵәамҭазы акоронавирус азы апандемиа иахырҟьаны.

АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа аҳәаанырцә тәылауаа рахысразы аԥкрақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 1 аҟынӡа  ацҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Александр Анқәаб: Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа макьана иаркызароуп

Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иҭалар ҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русзуҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәа, Еиду урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа; жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго атранспортқәа рныҟәцаҩцәа, аидаратә дәыӷбақәа рныҟәцаҩцәа.

Иара убас Аԥсны Аҳәынҭқаррахь акоронавирустә инфекциа COVID-19 аҭыԥ ахьамоу аҭыԥқәа рҟынтәи иаауа зегьы 14 мшы аҽыԥхьакратә режим рахысра аԥҟара иқәныҟәалароуп.

Адокумент инақәыршәаны, асасааирҭақәеи агәабзиарачаԥарҭақәеи рҟны аҭыԥқәа рҿаҵара ҟалом, иара убас аԥсуа-аурыс ҳәааҿы аус зуа ҳазада ахәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьан аусура иалагар ҟалом.

Ԥхынгәы 1 аҟынӡа ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа аусура иалагар ҟалом.

Атәыла аҩнуҵҟа ԥкрақәак аԥырхуеит. Аџьармыкьақәа есҽны аусура иалагар ҟалоит, аха афатә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа рҟны  еиҿыркаалароуп урҭ рҵакырақәа рырзҩыдара. 

Граница по реке Псоу - Sputnik Аҧсны
Шәҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра изныкымкәа аҳәаа иахысыр рылшоит

Араионқәа рхадарақәеи Аҟәа ақалақь ахадареи ирыдҵоуп ауаажәларратә транспорт аусура аиҿкаара, атранспорттә хархәагақәа есҽны рырзҩыдара хымԥада имҩаԥганы. 

Амассатә, акультуратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ҟалоит. Аусура иалагар рылшоит аспорттә залқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа, амассажтә салонқәа, астоматологиатә кабинетқәа.

Ачарақәа, агәырӷьаратәи егьырҭ ауснагӡатәқәеи рымҩаԥгара уажәшьҭа иҟалоит. Ачаратә, аныҳәатә залқәа, аресторанқәеи егьырҭ акрыфарачаратәи обиектқәа русурагьы хацдыркыр ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0