Цандрыԥшь инхо гәыԥҩык ауаа Ԥсоу аҳәаа аадыртырц азы уи аҿаԥхьа еизеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРабота КПП Псоу
Работа КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асабша, рашәара 13 рзы асоциалтә ҳақәа рыҟны ицәырҵит агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аԥхьа гәыԥҩык ауаа еизаны аҳәаа аадыртразы адҵа ҟаҵо ишықәгылаз.

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәыԥҩык Аԥсны ауааԥсыра агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аԥхьа еизаны Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аадыртразы адҵа ҟаҵо иқәгылеит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит еизаз ирԥылаз Гагра араион ахада Иури Хагәышь.

"15-20-ҩык раҟара ауаа аҳәаа аадыртразы адҵа ҟарҵарц еизеит. Урҭ зегьы аҳәааҿы аус зуа - шьоукы аидарагага кәырҷыжь ала аус зуа, егьырҭ Урыстәылантәи атауар аазго - Цандрыԥшь инхо атәылауаа роуп. Ҳара урҭ зегьы ҳрацәажәеит. Дара акоронавирус ыҟам ҳәа агәра ганы иҟоуп, аха акаҿы ҳааибагеит дареи ҳареи, уажәшьҭа урҭ еимпхьеит", - иҳәеит Хагәышь.

Гагра араион ахада иазгәеиҭеит Ԥсоу еизаз ауааԥсыра аԥара апроблема шышьҭырхыз, араион анапхгара урҭ ацхыраара рырҭоит ҳәа иақәдыргәыӷит.

Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы аԥкрақәа шыҟац иаанижьит ԥхынгәы 1 аҟынӡа

"Ҳара урҭ ҳаҽрымаҳдоит, ашәахьа инаркны ари азҵаара аӡбара ҳалагоит. Цандрыԥшь аҳаблеи Гагра араиони рхадарақәа урҭ ирыцхраауеит. Аҵыхәтәаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аангьы дара аӡәгьы иихаимыршҭӡацызт, фатәылеи хәшәылеи ацхыраара раҳҭон", - иҳәеит Хагәышь, иагьазгәеиҭеит еизаз аҳәса шьоукы рыԥшәмацәа Урыстәыла аус руеит азы дара-дара еибабартә аҭагылазаашьа шрымам аҳәаа ахьарку амшала.

Асабша, рашәара 13 рзы асоциалтә ҳақәа рыҟны ицәырҵит агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аԥхьа гәыԥҩык ауаа еизаны аҳәаа аадыртразы адҵа ҟаҵо ишықәгылаз. Телеграмм-каналқәак рҟны ирыҩуан урҭ дырԥыларц днеизшәа ахада Иусбарҭа аихабы Алхас Кәыҵниа, аха иара уи аинформациа мцуп ҳәа ахиҳәааит Sputnik акорреспондент даниацәажәоз. 

Апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны COVID-19 рыхьхьеит 37-ҩык. Иацы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа аҳәаанырцә тәылауаа рахысразы аԥкрақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 1 аҟынӡа ацҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит, атәыла аҩнуҵҟа акәзар, ԥкрақәак аԥыхуп рашәара 15 инаркны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0