Лабра ахада инапынҵақәа назыгӡо ипҟара иалахәыз аанкылоуп

© Sputnik Очамчира
Очамчира  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лабра ахада инапынҵақәа назыгӡо иқәлеит ҳәа адырра ҟаҵан Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҷаԥшьаратә хәҭахьы рашәара 13, асааҭ 21:30 рзы.

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Очамчыра араион Лабра ақыҭа ауааԥсыра хәҩык Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы инагоуп ақыҭа ахада инапынҵақәа назыгӡо Арутиун Мелкониан дрыпҟеит ҳәа ахара рыдҵаны. Ари атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Станислав Амҷба Sputnik иазеиҭеиҳәеит Арутиун Мелкониан Лабра ақыҭа ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа рашәара 12 рзы дшаҭаз, рашәара 15 рынахыс инапынҵақәа рынагӡара далагар шакәыз.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, рашәара 13 рзы Мелкониан аҭел изасит аиқәшәаразы.

"Ааха зауз аҩны дахьнеиз ибеит игәашә аԥхьа гәыԥҩык ауаа. Урҭ иарбанызаалак ак иамҳәакәа ипҟара иалагеит. Арутиун Мелкониан, ииулак дрымпыҵыҵны аҩны иҵәахыз, ашәҟәы иҭагалоу автомат "Калашников" ала аҳауахь дхысит", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура.

Абри ашьҭахь дара ықәҵит. Уажәазы агәызҩара ззыҟоу атәылауаа - Ефрем Кесиан, Гарик Сариан, Левон Кесиан, Аршак Кереселиан, Размик Сефериан Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы инагоуп.

Ахҭыс азы аматериал еизгоуп, аусҭҵаарахь инашьҭуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0