Агәабзиарахьчара аминистрра Агәыӡератәи агоспиталь аҭагылазаашьа ахҳәаа анаҭеит

© Абхазское телевидениеЛифт в Агудзерском госпитале никогда не работал
Лифт в Агудзерском госпитале никогда не работал  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыӡератәи арратә госпиталь аҳақьым хада Зураб Ачба Аԥсны ахадеи аԥыза-министри рахь аҳәара ҟаиҵеит агоспиталь аҭагылазаашьа бааԥс лабҿаба ирбарц азы иаҭаарц.

АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Араионтә хәышәтәырҭақәа хәшәыла реиқәыршәара Агәабзиарахьчара аминистрра анапы ианӡам ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз аминистрра хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәаразы аҟәша аиҳабы Ахра Аџьба.

Уаанӡа Агәыӡератәи арратә госпиталь аҳақьым хада Зураб Ачба иазгәеиҭахьан агоспитальи Гәылрыԥшьтәи араионтә хәышәтәырҭеи еидызкыло амедусҳәарҭа хәшәыла Атәылахьчара аминистрра еиқәнаршәоит ҳәа.

Агудзерский военный госпиталь - Sputnik Аҧсны
Иаҳаркыр акәхоит: Агәыӡератәи агоспиталь аҳақьым хада Бжьаниа иахь аҳәамҭа ҟаиҵеит

"Агәабзиарахьчара аминистрра ахаан акгьы ҳарҭаӡомызт, егьырҭ ахәышәтәырҭақәа ишрырҭо еиԥш - маругоума, хәшәума, акгьы, ахьаахҽыгақәеи, арыҩшьыгақәеи (анаркоз - аред.), ахәыҷтәы лаҵақәеи рыда", - иҳәеит Зураб Ачба.

Ари аҳәамҭа ахҳәаа азуа Ахра Аџьба иазгәеиҭеит абиуџьет ашьақәыргылара иаҿырԥшны араионтә хәыәштәырҭақәа араионтә еиҳабыра еиқәдыршәалароуп ҳәа.

"Уа ҩ-усбарҭак еидуп – араионтә хәышәтәырҭеи агоспитальи. Дара-дара еихыршоит аҟәшақәа, апалатақәа, аиарақәа. Абиуџьет ашьақәыргылара иаҿырԥшны араионтә хәышәтәырҭақәа араионтә еиҳабыра еиқәдыршәалароуп. Ҳара ареспубликатә хәышәтәырҭақәа роуп ҳнапы иану, – иҳәеит Аџьба. – Ареанимациатә уснагӡатәқәа, ахьаахҽра, анаркоз рзы ирҭаху раҳҭоит. Егьырҭ ахәшәқәа рзы дара рхатә биуџьет рымоуп".

Убри аан Агәабзиарахьчара аминистрра иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан, иаҳҳәап акарантин аан араионтә хәышәтәырҭақәа ацхыраара рырҭоит.

"2020 шықәса хәажәкырамзызы мацара акоронавирус ахәышәтәраз мацара миллионки 15 нызқьмааҭ рыхә раҳҭеит. Арахь иаҵанакуеит: арзҩыдагақәа, асабардақәа, анапҭырԥақәа, ахәшәқәа", - ́́хәа азгәеиҭеит аминистрра ахаҭарнак.

Ахра Аџьба иҳәеит аинсулин, ахьаахҽыгақәа, алаҵақәа рыла 2017- 2018 шықәсқәа рзы ахәышәтәырҭа ишазоужьыз ҩ-миллионки 800 нызқьи мааҭ, 2019 шықәса рзы – 4 миллионки 200 нызқьи мааҭ.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Арратә госпиталь хада Гәылрыԥшь араион Агәӡера аҳаблан игылоуп. Уи аԥҵан жьҭаара 20, 1995 шықәсазы уа иҟаз Аҟәатәи афизика-техникатә институт Амедсанхәҭа аҭыԥан. 2010 шықәсазы ҳақьым хадас даҭан Зураб Ачба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0