Абиуџьеттә система ҭышәныртәалатәуп: Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара адҵа риҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров
Кабинет министров  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2020 шықәсазы акоронавирустә инфекциа COVID-19 алаҵәараан абиуџьеттә система аҭышәныртәалараз ауснагӡатәқәа рыдкыларазы.

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара анапы ианиҵеит  COVID-19 алаҵәара аамҭазы абиуџьеттә система аҭышәныртәаларазы ауснагӡатәқәа аднакыларц.

Атәыла ахада исаит ишаҳәо ала, аус рыдулатәуп ауснагӡатәқәа:

  • Абиуџьет аныхра аԥыжәаратә хырхарҭақәа аԥара рзоужьра алзыршо;
  • Абиуџьеттә система аԥарақәа хықәкылеи хра рымани рхархәара ахылаԥшра алзыршо;
  • Абиуџьет ахашәала агәаҭара знапы иану аусбарҭа абиуџьет ахь ианаамҭоу, ихарҭәааны аԥарашәарақәа шымҩаԥырго ахылаԥшра алзыршо.

Уаанӡа 2020 шықәса рзы апандемиа амшала Афинансқәа рминистрра азеиԥш ҩнуҵҟатәи аалыҵ (ВВП) 10 процентк рыла акаҳара азԥхьагәанаҭоит ҳәа азгәеиҭеит афинансқәа рминистр Владимир Делба. Делба иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра ахатә хашәала 2 миллиардк рыла еиҵахар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0