Аԥсны даҽа 21-ҩык гәарҭеит акоронавирус азы

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест-системы для диагностики нового коронавируса
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы акоронавирустә инфекциа злоу ҳәа ҿыц аӡәгьы даарԥшымызт.

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу гәарҭеит 21-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә аӡәгьы COVID-19 иламызт, абри атәы аанацҳауеит Акоронавирус ацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иааидкыланы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы шьақәдырӷәӷәахьеит 38-ҩык ауааԥсыра рҟны. Урҭ рахьтә 27-ҩык ргәы бзиахеит, жәаҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп. Акоронавирус зцәа иалаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.

Адунеи аҿы акоронавирус рцәа иалоуп ҳәа шьақәдырӷәӷәахьеит аа-миллионҩык инареиҳаны рҟны, урҭ рахьтә ԥшь-миллионҩык раҟара ргәы бзиахахьеит, 430 нызқьҩык инарзынаԥшуа рыԥсҭазаара иалҵит. 

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0