АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аслан Бжьаниа акоронавирустә инфекциа алаҵәоит ҳәа ашәарҭара аныҟоу аамҭазы анаплакратә усура асубиектқәа рыцхрааразы аусмҩаԥгатәқәа ирзырхоу адҵа инапы аҵаиҩит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.
Адокумент инақәыршәаны, Аминистрцәа реилазаара рашәара 25, 2020 шықәсазы аус адуланы ашьақәырӷәӷәарахь инанашьҭроуп анаҩстәи аԥҟарақәа ҭышәынзыртәало актқәа:
Ԥхынгәы 1 аҟынӡа Аминистрцәа реилазаара аус адуланы ахада идыргалароуп аус зуа азакәанԥҵара анаҩсантәи ахәҭақәа рахь аиҭакрақәа ралагаларазы азакәанԥҵаратә актқәа рпроектқәа:
Адҵа шынарыгӡо ахылаԥшра инапы ианҵоуп атәыла аԥыза-министр.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҟәа ахада амуниципалтә хыбрақәа қьырала измаз абизнесуаа аԥарашәараҟынтә рхы иақәиҭитәит
АҞӘА, ажьырныҳәа 17-Sputnik. Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥгахоит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку анцәа имҵаныҳәара, абри атәы иҳәеит Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа).
Арҭ амшқәа рзы ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа аныҳәарақәа Аӡаахра иадҳәалоуп. Ажәытәан Иаса Қьырса иирагьы иӡӡаахрагьы мышкы иазгәарҭон. Иара ихазы аҽӡаахра ԥсыхәа амамкәан иҟамызт. Аӡы иҽӡааихит, иҽҭишьит, уи ала адунеи аӡқәа зегьы ррыцқьаразы. Ари аныҳәазы ишыхьҭоугьы, изылшо, згәы иаҭаху аӡы иҭалоит ҩнуҵҟалагьы, цәеижьлагьы аҽрыцқьаразы.
Қьырса ныҳәа инаркны Аӡаахра аҟынӡа (ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа) иԥшьоу, ицқьоу амшқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аныҳәа мышкы шыбжьоу чгара мшуп.
Аҽӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.
Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит. Есышықәса Аӡаахра амш аҽни аухеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аҟәа адендропарк аҿы икаҳаз аҵла афымцацәаҳәақәа хәба аԥхасҭа рынаҭеит, уи иахҟьаны Синопи Турбазеи рыбжьара иҟоу араион фымцалашарада иаанхеит ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".
Иазгәаҭоуп аԥхасҭа шроуз 10-тәи, 11-тәи афидерқәа (аихшарҭатә цәаҳәақәа - азгә.).
Аҭыԥ ахь инеит амашәыр ахҟьаԥҟьақәа аԥызхуа абригадақәа, афымцалашара амҽыша асааҭ 15:00 рҟынӡа еиҭашьақәдыргылоит рҳәеит.