"Аԥсныавтомҩа" аиҳабы Борис Ачба иганахьала ашьаус хацыркуп

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсныавтомҩа" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Борис Ачба даанкылоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аамҭалатәи аанкыларҭаҿы дҭакуп.

АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Аԥсны Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ АШәМ азин риҭеит "Аԥсныавтомҩа" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Борис Ачба иганахьала ашьаус ахацыркразы, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Иазгәаҭоуп ашьаус шхацырку Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ргәаҭарақәа иаадырԥшыз аилагарақәа рыла.

Аԥсныавтомҩа адиректор хада абиуџьеттә ԥарақәа ифеит ҳәа даанкылоуп - Sputnik Аҧсны
"Аԥсныавтомҩа" адиректор хада ин.н. абиуџьеттә ԥарақәа ифеит ҳәа даанкылоуп

Аԥсны АШәМ адыррала, Ачба 20 000 000 рыхәԥса аусурақәа аҭахуп ҳәа аилаӡара ԥаршеии апроект-сметатә документациа ԥаршеии шьақәиргылеит.

Аԥсны АШәМ Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь азыҳәашәҟәы нанашьҭит Ачба иаанкыларазы. Аӡбарҭа ари ашьаус ала аӡбамҭа аднакылоит ахәаша, рашәарамза 19.

Агәаҭарақәа мҩаԥнагоит Ашәарҭадаратә маҵзура ашьаусԥшааратә ҟәша.

Борис Ачба 2014 инаркны 2016 шықәсанӡа аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныавтомҩа" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2016 шықәса инаркны аилахәыра деиҳабын.

1994 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа Аҟәа анхарҭатә усбарҭа деиҳабын, иара убас ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2007 шықәсазы Ачбеи, Аҟәа ақалақь ахада Асҭамыр Адлеибеи, афинансқәа рыҟәша аиҳабы Константин Ҭыжәбеи, анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Давид Џьынџьали русура иамхын аҳәынҭқарратә мал еимырҵәеит ҳәа. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла Борис Ачба ҭакрадатәи ахарахгара иқәҵан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0