Ахәышҭаара дыҽҳәыганы: жәаха шықәса зхыҵуаз Жозиа лхаҵацара шыҟалаз

© Sputnik / Томас ТхайцукОчаг
Очаг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥҳәыс илызку атема иацҵо, Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иҳадылгалоит жәаха шықәса зхыҵуаз аӡӷаб Жозиа лхы иҭамкәа, лгәы иҭамкәа хаҵа дшыргаз аҭоурыхи анаҩстәи лыԥсҭазаашьеи ирызку иҟалахьоу ажәабжьк. Уи ланду Габлиа Дыгә иԥҳа Ҷаҷа илҳәамҭаны илаҳахьан.

Лыҩны иҟаз аилаҭырра лара лахь ус амамкәа аҽҳәа дыҽҳәатәан Жозиа хәыҷ, акәасҭхақәа ирхылҵуаз аԥхарра лҽаҭаны. Жәахаҟа шықәса инархыҳәҳәоз Жозиа, игоз ауаҟьанчаҟьанбжьы уамак игәаамыгӡакәа лыҽлырԥхон. Ӡнын, ҵхагәанымызт, аха алашьцара адунеи иахатәахьан…

Элеонора Когония  - Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара азхәыцра

Чагьамтәи аҳаракырақәа иргәылакыз Қьачабаа Ныха аамҭа-аамҭала дгьылҵысрак ахьымскәа иаакәадахон. Ари Аныха знапаҿы иҟаз Бзаркалаа акырынтә еиҭашьақәдыргылахьан, аха зегь акоуп аамҭа маҷк анцалак, Абаа аауашәшәырахон, нас уи арӷәгәаразы рхы ааиларкуан Аныха амаа зкыз.

Ашьҭахь аҭҵааҩцәа ишырҳәаз ала, Абааш ашьапы арӷәӷәаразы аӡатәхәы даҭахызаарын. Соузар иԥацәа рҭыԥҳа далырхызаап иԥшьаз абри аус азы. Уи акәхеит, Абаа ашьаҭа уи аҭыԥҳа лыԥшӡара наларчаԥеит.

"Убри нахыс, Қьачабаа дгьылҵысрак иазмырқәацо иӷәӷәаҟацаӡа иааҟалеит, - лҳәеит ари ажәабжь сара исзеиҭазҳәаз санду Габлиа Дыгә иԥҳа Ҷаҷа. - Рыжәла маҷуп, аха жәла нагоуп Бзаркалаа, нан, ҳажәлантә ӡатәхәыс урҭ ныхаԥааҩцәас измаз Қьачабаа ашьаҭа даласоуп, убри аҟынтә, дареи ҳареи ажәытә еиуара ҳамоуп", - лҳәон Ҷаҷа, Бзаркалааи ҳареи ҳшеигәыцхәцәоу аацәырго...

Ӡнын, ҵхагәанымызт, аха алашьцара адунеи иахатәахьан…

Бзаркал Кәана ԥҳәыс дигон, иҭацаагацәагьы хианы игылан уи ауха. Рыҽкәа кәадыр, бџьарла еиқәных амҩа инықәлеит аҭацаагацәа.

Абхазская АССР. 100-летние жители села Лыхны Гудаутского района - Sputnik Аҧсны
Ишьаарҵәырахаз аизара, ма аԥсуа нхаҩы ихьыӡ шихьчаз

"Аиуара ҳамамзи, убри аҟынтә бабду Ҟача, Соузар иԥацәа ирхылҵшьҭраз, ԥхьагылас дышьҭыхны рҭаца лаагаразы амҩа иқәлеит", - лажәа иацылҵон Ҷаҷа. Ажәытә жәабжьқәа уҳәеит ҳәа, иумаҳара иҟоузеи сгәахәуан сара, нанду ари ажәабжь аацәырылгацыԥхьаӡа. Цәгьа исгәаԥхон ари аҭоурых, убри азы аамҭа-аамҭала сызҵаарақәа аацәырызгон. "Инагақәан, нан, иныхаԥааҩцәан", - лҳәон нанду, ҳааигәара инхоз Бзаркалаа рзы...

Ӡнын, ҵхагәанымызт, аха алашьцара адунеи иахатәахьан… Бзаркал Кәана ичара аҿҳәара ԥырҵәахьан. Аҽцәа ақыҭа иналсны ҭацаагара ҳәа рымҩа иқәлеит уи ауха.

Ҟачараа иахьнеишаз ианнеи, аԥшәмацәа иреиуаз днарԥылан иреиҳәеит рҭаца мап шылкыз, уахатәила дшырмоуаз ирызҳәаны итәаз аҭыԥҳа. Еиҳау хьымӡӷ ыҟам ҳәа ирымԥхьаӡози ажәытәуаа, узызцаз уҭаца думамкәа агьежьра, убри аҟынтә ахьаҵра уаӷеимшхаран дара рзы. Даара акыр еилаҭырит, аха аԥшәмацәа рыԥҳа дцәырыргомызт, асасцәагьы ус игьежьырц рыгәгьы иҭамызт. Рыбжьы цәгьахеит рҳәеит ари аҩнаҭаҿы.

Ицәырымҵыз аҭаца лаҳәшьа хәыҷы Жозиа лакәзар, аҽҳәа илнаҭоз аԥхарра дарԥсасины ауаџьаҟ агәы дҭаԥшуан, уахатәила лаха змазгьы аӡәгьы дыҟамызт, аҭацаагацәа реиҳабы илаԥш дыҵашәеит ҳамҳәозар. Убри аамҭазы Бзаркалаа рныхабаа зыԥсҭазаара аласаз аҭыԥҳа илыҵкарыз Соузар иԥацәа рашьа Ҟача ахьышәҭҳәа Жозиа хәыҷы даашьҭиԥаан, "агәы шәымоуп шәҳашьҭалозар" иҳәан, ицыз аҭацаагацәа ила надирбан, ахьышәҭҳәа иааҽыжәлан, Жозиа хәыҷ даамҵарсны, ашҭа инҭҟьеит рҳәеит, аԥшәмацәа зынӡа ргәы рҽанӡамкәа.

"Ишԥа, аҭаца дрымамкәа иаауазма нас?" - нацылҵон нанду ари ажәабжь сахьарк аацәырго. "Ишԥа, лаҳәшьа хәыҷы дааргама, аҭаца лҭыԥан?" - сҳәахуан саргьы, шәынтә исаҳахьаз ажәабжь нанду ҿыц ианаацәырылгалак...

Ӡнын, уажәшьҭа аҵхгьы акыр инеихьан Бзаркал Кәана иашҭаҿы аҭацаагаршәа анаацәырыргаз.

Азныказы иҟалаз рзымбатәбарахеит аԥшәмацәа, иззыԥшыз аԥҳәызба лҭыԥан жәаха шықәса инархыҳәҳәоз лаҳәшьа хәыҷы Жозиа аҭацаагаҩцәа реиҳабы Ҟача иҽыхәда дықәыртәан данаацәырҵ. Аус злаз, Бзаркал Кәана ԥҳәыс дигеит рҳәеит уи ауха, хьымӡӷ мгакәа.

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Ӡнын, аҵх агәы инахысуан. Бзаркал Кәана иашҭаҿы чаран уи ауха. Жозиа ланхәа ԥҳәыс ҟәыӷан рҳәеит, илзааргаз аҭаца лықәра шынаӡамыз лымбози, убри аҟынтә лҭәымҭаҿы днаӡаанӡа лара рҿы дышьҭаҵаны длыман рҳәеит.

Аамҭа цон, Жозиа дҭыԥҳахеит, Бзаркал Кәана иԥҳәысра ныҟәылгаратәгьы дааҟалеит. Хҩык ахшара дранхеит заҳәшьа лмапкра аразҟы знаҭаз лара. Ҩыџьа аԥацәеи ԥҳаки лхылҵит Жозиа, иара убри алагьы Қьачныха амаа зкыз ирхылҵшьҭраз Бзаркал Кәана ишьҭра змырӡуа аԥсҭазаара ацәаҳәа аалылдеит. Дара рашҭаҿы еснагь ҭынчран, рыбжьы рдуны ицәажәо уаҩытәҩыса имаҳацызт. Ацқьара аҳра ауан иаарыкәыршан.

Кәана сара сихаанымызт, аха Жозиа ҭоурых ссир дысгәалашәоит. Лықәра акыр инеихьан саншьцәа рахь санцалоз Бзаркал Кәана иҩны абарҵа ҿымҭӡакәа иҵатәаз Жозиа данызбалоз. "Закәытә ҭоурыхузеи илымоу", - сгәы сааҭахәыцуан сара, иџьашьахәыз нанду лажәабжь аасгәаларшәо. "Жәла нагоуп, Кәтол раԥхьа иқәнагалаз Бзаркалаа роуп, нан", - лҳәон нанду дара рҭоурых анаацәырылгоз...

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Знык иахыԥаз шәынтә иахыԥоит: ахаҵацара аҿҳәара ахыгара зҵасым

Мзызс иамоу аӡәгьы издыруам, аха ирҳәоит Соузар иԥацәа рҭыԥҳа ӡатәхәыс дызгәыларсаз Қьачабаа зегь акоуп Бзаркалаа ааныжьтәыс ироуит ҳәа. Чагьамтәи аҳаракырақәа иргәыларшәыз Қьачабаа аҟәырҷахақәа рыманы Бзаркалаа нхара ҳәа Кәтол ақыҭахь илбааит рҳәеит. Илбаан, адгьылқәа хыртын, анхара иалагеит. Аижәлантәқәа руаӡәы Аныха аҟәырҷахақәа дырхылаԥшуан, асовет аамҭа зегь еиҟаранатәаанӡа.

Ари ажәабжь сара исзеиҭазҳәалоз Габлиа Дыгә иԥҳа Ҷаҷа знымзар-зны уи аӡын ҵхы ауха, зразҟы иацәыбналаз Бзаркал Кәана ианхәыԥҳа лыӡбахә лҳәоны смаҳацызт. Ишԥаҟалеишь анаҩс уи лразҟы? Лара лмапкра лаҳәшьа аразҟы анылнаҭа илхәыцуааз? Абарҭ роуп иахьа зҵаарақәас исзынхаз.

Усҟан сажәабжьҳәаҩ арҭ азҵаарақәа сызлымҭеит, Жозиа лхаҵацара аҭоурых иацәынханы...

Ӡнын, уажәшьҭа аҵхгьы акыр инеихьан. Бзаркал Кәана иашҭаҿы ауха чаран. Жозиа хаҵа дцеит…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0