Аԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара амш

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алагара амш
Аԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алагара амш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәса рашәара 22 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара амш – агәалашәареи алахьеиқәреи рымш.

АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алагара амш, рашәара 22 аҽны Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥысит амитинг.

Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа иалахәын Аԥсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, араионқәа рхадацәа, Аҟәа ахадара аусзуҩцәа, Аԥсны иҟоу Россотрудничествои Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи рхаҭарнакцәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алагара амш
Аԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара амш - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алагара амш

"Иахьа агәалашәареи алахьеиқәреи ирымшуп. Анемец фашистцәа индырҵәеит 20 миллионҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра. Ацәыӡ дуқәа аман Аԥсынгьы. Ареспублика ауааԥсыра иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп иҭахаз ргәалашәара ахьышәмырӡуа", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы Вадим Чеха иазгәеиҭеит ареспубликаҿы аҭоурых агәалашәара ишахӡыӡаауа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алагара амш
Аԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара амш - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алагара амш

"Аиҳарак уи убарҭоуп ҳзеиԥш ԥсадгьыл ҳәа иҟаз аҭоурых, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахҭысқәа рызнеишьаҿы. Угәы унархьуазаргьы иахьа еиуеиԥшым азнеишьақәа арҭоит арҭ ахҭысқәа. Аԥсны ажәлар ракзаара акәзар, иалнаршоит ҳаидгыланы еиуеиԥшым аҿагыларақәа риааира", - ҳәа иҳәеит иара.

Рашәара 22, 1941 шықәса рзы иарбанызаалак ҳәамҭак ҟамҵаӡакәа афашисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит. Иара убри амш аҽны аибашьра ишалагоз рҳәеит Румыниеи Италиеи.

Аофициалтә дыррақәа рыла Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 55 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Рышьҭахьҟа изыхнымҳәит 17 нызқьҩык инареиҳаны. Аԥснаа 22-ҩык иранашьоуп Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы, хҩык Ахьӡ-аԥша аорден акавалер наӡақәас иҟалеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0