Артур Анқәаб уаанӡатәи атәыла анапхгара гәаӷшақә исышьҭан иҳәеит

CC0 / / Весы Фемиды, судейский молоток и юридическая литература
Весы Фемиды, судейский молоток и юридическая литература - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәсазтәи Аԥсны ахада иалхрақәа раан кандидатс иқәгылаз Артур Анқәаб ауаҩы имҵарсреи уи иоушьҭразы аԥара рацәа ииҭарц мчыла идцалареи харас идырҵоит.

АҞӘА, рашәара 23 – Sputnik. Аҟәа ақалақь аӡбарҭа ахара зыхнахыз уаанӡатәи атәыла ахадас зкандидатура ықәгылаз Артур Анқәаб уаанӡатәи атәыла анапхгара гәаӷшақә исышьҭан иҳәеит. Абри азгәеиҭеит ажурналистцәа данрыҿцәажәоз.

"2014 шықәса рзы аҳәынҭқарреиҭакра аныҟала инаркны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымбеи иара идгылаҩцәеи Аԥсны атәылауаа ирҿагыло асистема аԥырҵеит. Сара сақәгәыӷуеит Апрокурор хада, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имҩаԥырго иахьатәи аиҭакрақәа ирылдыршап ҳәа анаҩсангьы арҭ аусқәа рҭышәныртәалара", - иҳәеит Анқәаб.

Иара убасгьы агәыӷра ааирԥшит хара имгакәа АИХ ахаҭарнакцәа дырԥылап ҳәа, 2014, 2017, 2019 шықәсқәа раан ихараҵаз шԥаршеиусыз азы аршаҳаҭгақәа шааирԥшуа.

"Сара агәра згоит абри аус сара сганахьала изхәыцыз ирықәнагоу ишақәыршәахо. Сара ахара шсымам азы адокументқәа, аматериалқәа цәырызгар сылшоит. Сгәыӷуеит усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымбеи иара идгылаҩцәеи Аԥсны ажәлар ирҿагылаз румҭақәа рзы рхара ишзацәымцо", - иҳәеит Анқәаб.

Анқәаб иара убасгьы иҳәеит данааныркыла ашьҭахь Апрокурор хада, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр рахь аҳәара шыҟаиҵахьаз "Аԥсны уаҵәтәи амш азы" аҵакы змоу аматериалқәа апрессахь ириҭар шиҭахыз, аха мап шицәкыз.

Артура Анкваб  - Sputnik Аҧсны
Аӡбарҭа Артур Анқәаб ихы дақәиҭнатәит

Артур Анқәаб харас идырҵон Армен Григориан имҵарсра. Ашьаусҭҵаара ишаҳәо ала, уи дырӷьычит абҵара 24, 2019 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы, шасыс дызгаз иара иоушьҭразы "аԥара рацәаны ириҭарц мчыла дадырцалон". Ирӷьычыз ауаҩы дыԥшаан ԥхынҷкәын 1 азы Гәдоуҭа араион ақыҭақәа руак аҟны.

Артур Анқәаб 2019 шықәсазтәи Аԥсны ахада иалхрақәа раан кандидатс дықәгылан. Абжьыҭара актәи атур алҵшәақәа рыла, Анқәаб иоуит 1,6% алхыҩцәа рбыжьқәа рахьтә, убри ала аҩбатәи атур ахь дзымнеит.

2017 шықәсазы Анқәаб азинхьчаратә усбарҭақәа ишьҭан ауаҩы игәабзиара ааха ӷәӷәа аҭареи абџьар изакәанымкәа аҵәахреи рзы. Уи ахҭыс ҟалеит нанҳәа 9, 2016 шықәсазы Гагра ақалақь аҟны, усҟан Аԥсны атәылауаа Анри Аргәыни Артур Анқәаби, амцабџьар ала ахаҵа ишьапы иеихсны дырхәит, аҭыԥ аҟынтәи ибналеит.

2018 шықәсазы Анқәаб аӡбарҭа ахара иднаҵеит ахәҭаҷ 107 "деицрашәаны ихы инапаҿы изаамгакәа ауаҩы игәабзиара ааха ӷәӷәеи абжьаратә аахеи рыҭара" инақәыршәаны, убри азы иара иқәҵан ҩышықәса анхара аколониаҿы ихигарц. Убри ашықәсазы амнистиа даҵанакын, доурышьҭит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0