Аԥсуа баарыԥхрақәа рыҭҵаара аетап хада хыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРаскопки Великой абхазской стены в селе Мерхеул
Раскопки Великой абхазской стены в селе Мерхеул - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа баарыԥхрақәа рыҭҵаара мҩаԥысуан афонд "Амшра" афинанстә цхыраарала. Агентра Sputnik ари апроект официалтә информациатә партниорс иазықәгылеит.

АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Аԥсны ихыркәшахеит Аԥсуа баарыԥхра ду аҭҵаара хадара злоу аетап ҳәа Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны иазгәеиҭеит апроект "Аԥсуа баарыԥхра ду амаӡақәа" анапхгаҩы Шандор Ҟаитан.

Шандор Каитан - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҟаитан Аԥсуа Баагәара ду аҭҵааразы: аматериал аус адулараз интерес змоу аԥшаахқәа ҳамоуп

"Ихадароу аетап анаҳҳәо адәаҿтәи аҭҵаароуп зыӡбахә ҳамоу, акультуратә ҭынха аобиект аҟны ҳнеины аҭҵаарақәа анымҩаԥаҳго – абаагәара аҭыӡқәеи абаашқәеи рҟны. Раԥхьатәи аетап ахь иаҵанакуан абарҭ абаашқәеи аҭыӡқәеи рфиксациа амҩаԥгара. Аҩбатәи аетап аан заа иалаҳхыз аҭыԥқәа рҟны ажрақәа мҩаԥаагон. Ҳара иалаҳхит х-обиектк: актәи – Гал араион иатәу Хьацҳа ақыҭан, аҩбатәи – Очамчыра араион, Џьгьарда ақыҭан, ахԥатәи – Гәылрыԥшь араион, Мархьаул ақыҭан иҟоу абааш. Иаҳҳәар ауеит археологиатә жрақәа ҳрылгеит ҳәа", – иҳәеит Ҟаитан.

Убри аан иара иазгәеиҭеит иԥшаау аматериал аҭҵаара аганахьала аусура рацәаны раԥхьаҟа ишышьҭоу.

"Аматериал аус адулара – ари ахыркәшаратә етапуп. Убри аамышьҭахь аҭҵаара зегьы аганахьала лкаақәак ҟауҵар ауеит", – иҳәеит иара.

Апроект иалахәыз Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩы Дмитри Счастныи еиҭеиҳәеит макьаназы аҭҵаара лҵшәақәас иаиуз атәы аҳәара шзаацәоу.

"Аусурақәа рымҩаԥгара ҳахахьӡаз аҭыԥқәа рҿы иаҳԥылаз аматериалқәа еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуеит, аха ҿыӷәӷәала зыӡбахә ҳхәартә ҳаҟоу периодуп – Ихьшәоу Абжьарашәышықәса. Агәыӷра ҳамоуп аҭҵаарақәа ирыцҵахоит ҳәа, аха уи азы иаҭаху аԥара ԥшаатәхоит", – иҳәеит Счастныи.

Аҭҵааҩцәа мҩақәҵагас ирыман аԥсуа, асовет ҭоурыхҭҵааҩ, археолог Иури Воронов еиқәиршәахьаз ахсаала.

Аҳ ибааш - Sputnik Аҧсны
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп

"Аматериал аус адуланы ҳаналгалак ашьҭахь иазҳархиоит астатиақәа. Уажәнатә иҟаҳҵахьоугьы ыҟоуп. Астатиақәа ирылху ажәахәқәа ҳаманы ҳақәгылалоит еиуеиԥшым аконференциақәа рҟны, жәларбжьаратәи аҩаӡара змоугьы уахь иналаҵаны, Урыстәыла имҩаԥысуа. Нас дара акьыԥхь рбоит. Макьана дара шаҟа ҟало ҳазҳәаӡом. Ҳара ҳакәу, ҳнаҩсан иааиуа ракәу ари аматериал зхы иазырхәо – уи акәӡам аус злоу. Ихадароу – абаза ахаҭа ахьеидкылахо ауп. Анаҩс абри атипологиала аԥшаахқәа зегьы еиҿурԥшлар ҟалоит, аусурагьы акыр иманшәалахоит", – ҳәа азгәеиҭеит Счастныи.

Дмитри Счастныи иҳәеит, аекспедициақәа раамҭа иалагӡаны ирбаз аԥшаахқәа реиҳарак анышәаԥшьӡы (акерамика) иалху амаҭәарқәа рыԥҽыхақәа роуп ҳәа.

"Ари еиҳарак аҭыԥантәи керамикоуп, еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуеит, макьана иалкааны арыцхәқәа аҳмырбаӡацт, избанзар акамералтә ҭҵаарақәа хыркәшаӡам. Абри аҭыԥантәи акерамика инаваргыланы иаҳбеит убасгьы Ҟрымтәи адгьылбжьахабжеи Озови рҵакырақәа ирыдҳәалазар ауеит ҳәа ҳгәы иззаанаго аԥшаахқәагьы", – ҳәа азгәеиҭеит археолог.

Аԥсуа Баагәара ду амаӡақәа - Sputnik Аҧсны
Sputnik апресс-центр аҿы Аԥсуа Баагәара ду амаӡақәа ирылацәажәоит

Акерамика адагьы иԥшаан аиха иалху амаҭәарқәагьы: аҳәызбақәа, аҭса арҭәара иазку аџьаз иалху ахырҭәагақәа, ахҿақәа, ахаҳәтә алуқәа.

"Мархьаул иаҳԥыхьашәеит ихьшәоу абжьарашәышықәса аамҭеи, аҿыц аамҭеи рпериод ахь иаҵанакуа аматериалқәагьы: ахырҭәагақәеи, аҭса иалху ахқәеи – ари Кавказ абџьармца аныҟалазтәи аамҭоуп. Аԥсуа баарыԥхрақәа рыҭҵаара иацаҳҵандаз ҳәа ҳаҟоуп, аха финанстә дгыларак ҳмоур уи аус даара иуадаҩуп. Ҳапроектқәа ирыдгыло даҳзыԥшаар, ԥарак ҳаур – хымԥада, гәахәара дула ҳаҭҵаарақәа ирыцаҳҵоит", – иҳәеит Счастныи.

Аспонсорцәа рыԥшаара алымшаргьы, Аԥсуаҭҵааратә институт есышықәса археологиатә ҭҵаарақәа ԥара хәыҷык рзылнахуеит иҳәеит аҵарауаҩ.

Аҭҵаарадырратә експедициа "Аԥсуа баарыԥхра ду амаӡақәа" хацыркын 2019 шықәса ԥхынгәымзазы, апроект аматериалтә цхыраара анаҭеит афонд "Амшра", аинформациатә дгылара анаҭеит Sputnik Аԥсны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0