"Робинзон дхынҳәуеит": Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа иацҵахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка Архипа Лабахуа "Робинзониада, или как я провел карантин"
Выставка Архипа Лабахуа Робинзониада, или как я провел карантин  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 25 рзы Фазиль Искандер ифырхацәа рыскульптурақәа равтор амшын аԥшаҳәаҿы ацәыргақәҵа ааиртит.

АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Рашәара 25 рзы иаатыз Аҟәатәи асахьаҭыхыҩ Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа мышкы бжьажьны асабшагь аус ауеит.

Ацәыргақәҵа аҭаара алшоит асааҭ 12:00 инаркны 17:00 сааҭ рҟынӡа Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы, атәыла Ахадара иацәыхарамкәа. Аҭаара хәыда-ԥсадоуп.

Выставка Архипа Лабахуа Робинзониада, или как я провел карантин - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Робинзониада, мамзаргьы акарантин аамҭа шысхызгаз"

"Робинзониада, мамзаргьы сара акарантин аамҭа шысхызгаз" захьӡу ацәыргақәҵа иаҵанакуеит 20 рҟынӡа ахалаҽыԥхьакреи акарантини ртема еиднакылаз иусумҭақәа.

Обиектцыԥхьаӡа марқьаф ҟаԥшьылеи еиқәаҵәалеи ирыҵаҩуп ахҳәаақәа. "Ацәыргақәҵа еиҿыскаауеит, ауаа агәахәара рысҭарц", - иҳәеит автор.

"Сара акарантин аԥҟаррақәа зегьы срықәныҟәон. Аус адызулон Робинзон изкыз ацәыргақәҵа. Сара схаҭа Робинзон сакәны схы збон. Избоз-исаҳауаз аҽакала еилыскаар сҭаххеит, аҽакала ицәырызгар сҭаххеит. Зегьы Робинзон итемала еидыскылт, избанзар ҳара зегь маҷк-маҷк акәзаргьы ҳ-Робинзонқәоуп", - иҳәеит иара.

Лабахәуа агәра ганы дыҟоуп аҟазара азҵаарақәа цәырнагозароуп ҳәа. Асахьаҭыхыҩ иажәақәа рыла, аконцептуалтә ҟазара аилкаара уадаҩуп, автор ииҳәарц ииҭахыз анузеилымкаауа ыҟоуп, ари ацәыргақәҵагьы уи азы шаҳаҭра ауеит.

"...Иаабац, иҳаҳац аҽа интерпретациак анауҭо, ажәеихдак аилкаара уҽаназушәо еиԥш иҟалоит. Сара аекспериментқәа бзиа избоит. Убас апластик иалхыз ахәмарга – ацәыргақәҵаҿ игильотинахаз, шықәсыбжак исыцрыҵуамызт. Ацәыргақәҵа аус адулара саналага еилыскааит ари 35-хы зҭаӡо гильотинан ишыҟаз", – ҳәа иҳәоит иара.

Лабахәуа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа иҩыза, ашәҟәыҩҩы Надежда Венедиктова илзикит.

"Ирацәаҩуп ауаа зыбзазара иалашьцылаз, аиҭакрагьы зҭахым", – лҳәоит Венедиктова асахьаҭыхыҩ иҟазара далацәажәо, ауаа иахьеи-уахеитәи аҟыбаӡыба ралхразы иалшо рацәоуп ҳәа лыԥхьаӡоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0