Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 амазааразы 102-ҩык ауаа гәарҭеит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 амазааразы 102-ҩык ауаа гәарҭеит
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 амазааразы 102-ҩык ауаа гәарҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыхьхьеит ҳәа иаарԥшуп 38-ҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рзы игәаҭаз 102-ҩык рахьтә аӡәгьы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргыламызт, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 ауаа рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб.

Апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа ичмазаҩхаз 38-ҩык рахьтә иахьазы ԥшьҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, 33-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Урыстәыла иахьаҵанакуа аепидемиа алаҵәеижьҭеи ичмазаҩхеит 627 646-ҩык. Рыԥсҭазаара иалҵит 8969-ҩык, рҽырхәышәтәит 393 352-ҩык апациентцәа.

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, акоронавирус зыхьыз рхыԥхьаӡара жә-миллионки бжаки инареиҳаны, урҭ рахьтә 490 нызқьҩык инарзынаԥшуа рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0