Абылра аҟалара иазыхиоуп: урыстәылатәи аруаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Foto / пресс-служба ЮВОСпециальное пожарно-тактическое учение
Специальное пожарно-тактическое учение  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа амцарцәара адагьы Гәдоуҭа араион АҶА аус рыцура аганахьала рҽазыҟарҵеит.

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа амцакрақәа раамҭаз аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Амцарцәаратә команда аррамаҵзурауаа акоманда шрыҭаз аиԥш "абылра" ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиит. Еиуеиԥшым аобиектқәа, атехникатә ҵакырақәеи, аҵәахырҭақәеи, абылтәыҵәахырҭақәеи, анхарҭақәеи уҳәа рҟны амцакра дырцәон иара убасгьы амцакраан аԥырхага зауз алыргон" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҽазыҟаҵарақәа ирыдыԥхьалан 50-ҩык рҟынӡа аруаа, амцарцәага машьынақәа АЦ-6-40 (6-тоннак аӡы зкуа).

"Иара убасгьы Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа амцарцәара адагьы Гәдоуҭа араион АҶА аус рыцура аганахьала рҽазыҟарҵеит", - ҳәа рҳәеит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзураҿы.

Аруаа аҽазыҟаҵаратә полигонқәа дрыцқьеит, аобиектқәа ирыԥныз аҵакырақәа аҳаскьын-ҩа ықәырхит. Амашьынақәа еиқәыршәаны игылоуп, аррамаҵзурауаа аинструктаж рзыҟаҵоуп ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0