Бжьаниа инапы аҵаиҩит аԥсуа-аурыс ҳәаа ԥхынгәы 15-нӡа иаркызарц зҳәо аусдҵа

© Sputnik Таможенный контроль на КПП Псоу
Таможенный контроль на КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ақәҵара инапы аҵаиҩит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аӡбамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ԥхынгәы 15-нӡа атәыла ралалара ақәиҭымтәразы аусдҵа ҳәа адырра ҟанаҵоит ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра рылшоит абарҭ акатегориақәа ирыҵаркуа ауаа:

  • Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русзуҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәа, Еиду урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа;
  • жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго атранспортқәа рныҟәцаҩцәа;
  • аидаратә дәыӷбақәа рырныҟәцаҩцәа;
  • знык ҳәа Аԥсныҟа иаауа аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ара инхо рыуацәа гәакьацәа рахь (рыԥшәмацәа, рани раби, рхәыҷқәа, ԥас иҟазҵаз, ԥас иҟарҵаз, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи гәакьацәа, андуцәеи, абдуцәеи, амоҭацәеи), ма абикәынцәеи ахылаԥшцәеи рахь иаауазар. Захь иаауа Аԥсны атәылауаҩцәас иҟазароуп, мамзаргьы аҳәаанырцә тәылауаазароуп закәан шьаҭала аамҭала, ма зынӡа ҳәа Аԥсны инхо, абарҭқәа зегьы зыршаҳаҭуа ашәҟәқәа (аиуареи ахаҭареи зыршаҳаҭуа) рыманы. Иара убас рнапаҿы иркызароуп Урыстәылатәи Афедерациа амедусбарҭа ирнаҭаз акоронавирустә ҿкы COVID-19 амазааразы атест ишахысыз зыршаҳаҭуа, ачымазара уцәа ишалам атәы зҳәо, хымш иреиҳаны изхымҵуа ашәҟәы.
Сухум  - Sputnik Аҧсны
Аоперштаб ԥхынгәы 15 инаркны атурсезон аартра аус адулазарц анапынҵа ҟанаҵеит

Ахада идҵа инақәыршәаны, Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Атуризм аминистрреи, Агәабзиарахьчара аминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи ируалуп аусбарҭабжьаратә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ирышьашәалоу урыстәылатәи аусбарҭақәеи дареи аус адыруларц ԥхынгәы 15 инаркны аԥсуа-аурыс ҳәаа аартра азҵаара, атуристтә сезон аиҿкаара хықәкыс иҟаҵаны, Аԥсни Урыстәылеи иманшәалоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҟалозар.

Убри аан ԥхынгәы 15-нӡа АҶА иатәу амедицинатә аусзуҩцәа агәаҭара-аушьҭратә пункт аҿы уахи-ҽни рыҷаԥшьара иацырҵоит.  

Ахада иусдҵа иарбоуп иара убас амза 15-нӡа:

  • аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәааҿы баџьдатәи ахәаахәҭра адәқьан аусура ақәиҭымзаара;
  • Аҟәеи, атәыла араионқәа зегьы рҿи иҟоу аџьармыкьақәа зегьы (афатә аалыҵқәа ахьырҭиуа, ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа ахьырҭиуа, амаҭәа-ҩыҭәа џьармыкьақәа уҳәа) есыҽнытәи рырзҩыдатәра, иара убас ихымԥадатәу есыҽнытәи ауаажәларратә транспорт арзҩыдатәра амҩаԥгара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0