Аӡбарҭа Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаҩшьра далахәын ҳәа ргәы зызҩо иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМолоток судьи
Молоток судьи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҿы инхо Аслан Блабба 2019 шықәса абҵарамзазы Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз хҩык ауаа рышьра далахәын ҳәа агәызҩара ыҟоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аусҭҵааратә усбарҭа азыҳәа иақәшаҳаҭхеит Аҟәа ақалақь аҿы инхо Аслан Блабба, 2019 шықәса абҵарамзазы Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз хҩык рышьра далахәын ҳәа агәызҩара ззыҟоу иаанкылара аҿҳәара иацҵазарц. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны Аслан Блабба ирбаандаҩра аҿҳәара даҽа ԥшьымз ацҵоуп – зынӡа жәамз инаӡоит – 2020 шықәса абҵара 3 рҟынӡа.

Аслан Блабба ахара ихарам ҳәа дыԥхьаӡоуп ихара шьақәдыргылаанӡа, уи азы аӡбаратә харадҵара азинмчра аиуаанӡа.

2019 шықәса абҵара 22 рзы Аҟәатәи аресторан "Сан-Ремо" аҿаԥхьа асабрадақәа зҿаз хҩык ауаа ахысра иалагеит. Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыԥсҭазаара иалҵит, урҭ рынахысгьы лыԥсҭазаара далҵит ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.

2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы абри аус аганахьала иаанкылан Даҭо Ахалаиа, Демур Ахалаиа, Аслан Блабба, Беслан Бганба.

2020 шықәса лаҵарамза 29 рзы Воронов имҩаҿы игылоу анхарҭаҩнаҿы даанкылан уаанӡа абри аус азы изышьҭаз Ерик Ҷкадуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0