Аҵәахырҭатә банк аоперационисткацәа атәанчаҩцәа рԥара ргон ҳәа агәҩара ыҟоуп

© SputnikСбербанк
Сбербанк  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵәахырҭатә банк аусзуҩцәа рганахь ала агәызҩара ыҟоуп закәаншьаҭада ҩ-миллионки бжаки рҟынӡа аԥара зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа ирхырхит ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭа агәаҭарақәа мҩаԥнагеит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аусзуҩцәа аԥара нырхит ҳәа иҟаз агәҩарала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Аусбарҭа апресс- маҵзура ишаанацҳауа ала, абанк аофисцҵа №1070 аусзуҩцәа зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа рҟынтәи аԥара ҭыргон ҳәа агәызҩара ыҟан.

"2018 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны 2019 шықәса лаҵарамзанӡа абанк амаҵзурауаа ирхатәыртәит миллионки 821 нызқьи 114 мааҭ. 2018 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны 2019 шықәса лаҵарамзанӡа абанк уаанӡатәи аусзуҩ атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа ирхылхит миллионки 821 нызқьм 114 мааҭ. Иара убри аамҭазы атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа 638 214 мааҭ рхылхит аҩбатәи аоперационистка", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Абри ахҭыс азы аматериал Аҟәа ақалақь апрокуратурахь инашьҭуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0