Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Мефҭун Уанаҿа: сыԥҳа хəыҷы Мрамза Мқанԥҳа лыхьӡала Аԥсны иазҳауеит араҵла

© Foto / Предоставлено Мефтун ВаначаМефтун Ванача
Мефтун Ванача - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҵасла иааӡоу, зхатəы бызшəала ицəажəо Ҭырқəтəыла инхо ҳџьынџьуаҩ Мефҭун Уанаҿа лҭоурых шәаԥхьа ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Дузџьа иаҵанакуа Цхьынара ақыҭа иалҵыз Мефҭун Уанаҿа, лхəыҷра ашықəсқəа инадыркны гəыла-ԥсыла дшаԥсыуаҵəҟьоу лдыруа лааӡараҿы анырра ду ҟарҵеит ландуцəеи лабдуцəеи. Иахьа, урҭ ирыбзоураны Мефҭун аҷҷаҳəа аҧсышəа цқьала дцəажəоит, уимоу ҩышықəсеи бжаки зхыҵуа лыԥҳа хəыҷы Мрамза макьана аҭырқəшəа лыздыруам, даниз инаркны илаҳауа аԥсуа бызшəоуп. Мефҭуни сареи уажəшьҭа шықəсқəак ҵуеит ҳаибадыруеижьҭеи, Ҭырқəтəыла имҩаԥысуа ҳдиаспора злахəу аизарақəа, аиҿкаарақəа дрыгым, дахьыҟазаалакгьы аԥсуа культура аӡыргара дашьҭоуп, Аԥснынтə мчыла ихырҵəаз лабдуцəа рҭоурых акыр дазҿлымҳауп, иҭҵааны илдыруагьы маҷым.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Беқьыр Ашәба - Sputnik Аҧсны
Беқьыр Ашәба: ҳара ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсацәоуп, ҳаԥсадгьыл - Аԥсноуп

"Сабду иабду Алхас ихьӡын. Алхас иашьа Алиаси иареи Ԥсҳəынтə ахҵəара рықəшəеит. Аԥснынтə, ԥсҳəааи ахҷыԥсааи еицны Ҭырқəтəылаҟа иааит ҳəа ауп ишаҳдыруа. Ара иахьааиз Дузџьа азааигəара Аԥсара, Цхьынара ҳəа ақыҭа шьақəдыргылеит. Ақыҭа еиҿызкааз Барганаа роуп. Жəытəаахыс ақыҭаҿы аԥсуаа нхоит, уажəгьы убас еиԥш иҟоуп. Араҟа иуԥылоит ажəлақəа: Уанаҿаа, Арсҭаа, Папаа, Храҿаа, Кəаӡаа, Ажьиаа, Аҭырқьбақəа, Ԥынҵаҿаа, Урумалаа, Ԥсҳəаа, иара убас ҩнаҭак Зыхəаа, ҩнаҭакгьы Ашəаа", - ҳəа азгəалҭоит Мефҭун Уанаҿа.

Аԥснынтə ихҵəаны ианаауаз Мефҭун лабду иабду Алхас Уанаҿа аԥҳəыс диман, амҩан лыԥсҭазаара далҵу, мамзаргьы Ҭырқəтəыла лдунеи лыԥсаху еилкаааны ирыздыруам. Алхас аҩбатəи иԥшəмаԥҳəыс Адлеиԥҳан. Урҭ ирхылҵқəаз роуп Мефҭун лышьҭрагьы.

Мефҭун Уанаҿа излалҳəо ала, данхəыҷыз ашьыжь дшыҩагылалак ллымҳа иҭасуаз аԥсуа шьҭыбжьы акəын: "О, бара!", "о, уара!" ҳəа еиқəҿырҭуан ақыҭаҿы... Ашьыжьтəи аҩнтəи аусқəа абас еиԥш напы аларкуан. Уи аамҭа аԥхыӡ хаа еиԥш Мефҭун лгəалашəараҿы иаанхеит.

Еџье Ҭраԥшьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Еџье Ҭраԥшьԥҳа: раԥхьатәи аԥшаах збеит сабдуцәа ахьҭыҵыз Анхәа ақыҭаҿы

"Сара сан Агрԥҳауп, сан лан Аргəынԥҳауп, Иԥеқ лыхьӡуп, 87 шықəса лхыҵуеит. Санду Аргəынԥҳа лабшьҭра Аԥснытəи Анхəа еиуоуп, ара иахьааизгьы рқыҭа Анхəа ахьӡырҵеит, сан лаб иқыҭа Мыџьқьеҩ ахьӡуп, лара лаб ихьӡын Сеифеҭҭин Агрба, 40 шықəса инареиҳаны ақыҭа ахадас дыҟан, сабду даара инагаз, зажəа акрыԥхылнадоз уаҩын. Саб Есер Уанаҿа аԥсуа ҵасла иааӡоу, уи зыхшара иныҟəыргарц зҭаху аӡə иоуп, саб иан Хышԥҳан, лыԥсҭазаара далҵхьеит, аха сара ибзианы сылхаануп санду", - дҳацəажəон Мефҭун, Аԥсны иадҳəалаз лхəыцрақəа рҿыхауа.

Уанаҿааи Аграаи рҵакыраҿы, Мефҭун амаҭацəа зегьы дреиҳабуп. Ашкол аҟны аԥсшьарамшқəа шаалоулак еиԥш, Цхьынареи лан лҭаацəа рқыҭа Мыџьқьеҩҟеи деиханы даауан, уаҟа илзыԥшын ландуцəеи лабдуцəеи рыбзиабара ала иҭəыз лхəыҷратə дунеи.

"Убасҟан еиԥш иара уажəгьы ақыҭа бзиа избоит, сыԥсы алоуп, убраҟоуп сара сзы аԥсуа бызшəа агəеисыбжь ахьыҟоу, убраҟоуп сара сыԥсҭазаара иреиӷьу амшқəа ахьымҩасуа. Уажəы Сҭамԥыл сынхоит, еимгеимцарак шаасоулак ақыҭарахь саауеит, сыԥҳа хəыҷы Мрамза ақыҭа иаҵоу ахаара агьама лкыр сҭахуп, даԥсыуаҵəҟьаны деизҳарц сҭахуп", - дҳацəажəон Мефҭун Уанаҿа.

© Foto / Предоставлено Мефтун ВаначаМрамза Мқанԥҳа
Мефҭун Уанаҿа: сыԥҳа хəыҷы Мрамза Мқанԥҳа лыхьӡала Аԥсны иазҳауеит араҵла - Sputnik Аҧсны
Мрамза Мқанԥҳа

Мефҭун, Есқьышьеҳиртəи иреиҳау аҵараиурҭа афизикатə факультет далгахьеит. Лыԥшəма Мқанбоуп, Чаглар ихьӡуп, изныкымкəа Апсныҟа даахьеит, иашьцəеи иареи аимадареи аибабареи рыбжьоуп. Лыԥшəмагьы Анхəа ақыҭа деиуоуп, Ҭырқəтəыла Синоп Амшын еиқəа азааигəара ауп иахьыҟоу ари ақыҭа. Чаглар иан Ачбыхəԥҳауп, Гиулал лыхьӡуп. Анхəа ақыҭа иалҵыз раԥсшəа мырӡӡакəа ирҳəоит, Мефҭун лыԥшəма Чаглар Мқанба иакəзаргьы убас. Мефҭун гəыблыла илгəалалыршəоит раԥхьаӡа акəны Аԥсныҟа лаара шыҟалаз атəы.

Аидын Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Аидын Аҩӡба: аԥсуа дахьыҟазаалакгьы Аԥсноуп дахьанаало

"Ииашаҵəҟьаны, сзеиԥхыӡуаз ахҭыс лабҿабахеит 2008 шықəса рзы, раԥхьаӡа акəны сабдуцəа рыдгьыл сшьапы анықəсыргылаз аҽны. Сыԥшəма сара саԥхьагьы Аԥсныҟа даахьан, 2006 шықəса рзы. Сара Аԥсны саннеи, сааҟəымҵӡакəа мчыбжьык аҵəыуара саҿын, сҽысзеиқəкуамызт, сгəы даара иԥшааит, хəыцра шəкы сеимаркуан. Лаҵарамза 21 рзы иазгəарҭо ахҵəара иақəшəаз ҳауаажəлар ргəалашəара амш уаҟа сақəшəеит. Арҭқəа зегьы лаӷырӡыда исзеиҭаҳəом. Убасҟан ауп ианеилыскааҵəҟьаз Аԥсны сара сзы изакəыз", - ҳəа азгəалҭеит Мефҭун Уанаҿа лгəаҵа иҭаԥсоз лылаӷырӡқəа мчыла иҵəахуа.

Мефҭун Уанаҿеи Чаглар Мқанбеи иаԥырҵаз аҭаацəара акыр иҿырԥшыганы иҟоуп Ҭырқəтəыла. Зегь раԥхьа иргыланы ари аҭаацəара қəыԥш рыԥҳа хəыҷы Мрамза лааӡараҿы аԥсуа бызшəа аԥыжəара арҭоит, анаҩс аԥсуара ирыднаҵо аԥҟарақəа, аҟазшьа ҷыдарақəа ирықəныҟəоит.

"Аԥснынтə иаазгаз аԥсуа шəҟəқəа сымоуп, Мрамза илыбзоураны схаҭагьы аҩышьеи аԥхьашьеи бзианы исҵеит. Лассы-лассы аԥсуа лакəқəа слызрыԥхьоит, аҭырқəшəала иҩу ашəҟəқəа ирну аԥсшəахь еиҭаганы иласҳəоит, илсырҵоит, аԥсуа мультфильмқəа рыхəаԥшра даара бзиа илбоит. Аԥсышəала исылҭо азҵаарақəа рацəоуп, изласылшо ала рҭакқəа ҟасҵоит, уимоу лара лтəала санлыриашо ыҟоуп. Ҽнак ашəҟəы ианыз асахьа лсырбоит: "Ари, амшын аҽы ауп" - ҳəа ласҳəеит. "Мап, сан, ари амшын ҽыҩ ауп", - лҳəеит. Аԥсшəа даара бзиа илбоит, ҳалмацəажəаргьы луӡом", - лҳəеит Мефҭун Уанаҿа.

© Foto / Предоставлено Мефтун ВаначаМефҭун Уанаҿа
Мефҭун Уанаҿа: сыԥҳа хəыҷы Мрамза Мқанԥҳа лыхьӡала Аԥсны иазҳауеит араҵла - Sputnik Аҧсны
Мефҭун Уанаҿа

Заԥсуара зхеиԥш пату ақəызҵо арҭ аҭаацəа рыԥсадгьыл иамадоуп, ауацəа-аҭахцəа, аҩызцəа-ақəлацəа рацəаҩны ирымоуп. Мефҭун иаҳзаалышьҭыз афотосахьа, лыԥҳа хəыҷы Мрамза дзыдгыло аҵла акəзар иара ахатə ҭоурых амоуп.

"Аԥсныҟа ҳаннеиуа ҳашьцəеи ҳареи ҳаибабоит, урҭ ҳрысасуп. Аҟəа, Даур Мқанба иҿы ҳаангылоит, Афон Ҿыц акəзар, Мазик Мқанба (иԥсҭазаара далҵхьеит) иҭаацəараҿы ҳанхоит. Мрамза даниз аҽны, Мазик иҷкəын Салидаҭ Мқанба, ахəыҷы лыхьӡала араҵла еиҭеиҳаит. Мрамза лыхьӡ зху ари араҵла мшызҳа иазҳауеит, уижьҭеи Мрамза ҩынтə Аԥсныҟа днеихьеит, днеицыԥхьаӡа аҵла дадыргыланы лфотосахьа ҭаҳхуеит. Абасала, Аԥсны иазҳауеит Мрамза илықəлоу араҵла", - лҳəеит Мефҭун Уанаҿа.

© Foto / Предоставлено Мефтун ВаначаМрамза Мқанԥҳа лыхьӡала еиҭаҳау араҵла
Мефҭун Уанаҿа: сыԥҳа хəыҷы Мрамза Мқанԥҳа лыхьӡала Аԥсны иазҳауеит араҵла - Sputnik Аҧсны
Мрамза Мқанԥҳа лыхьӡала еиҭаҳау араҵла

Аиашазы, анҵамҭак ала иуадаҩзар ҟалап аҭоурых ду змоу аԥсуа ҭаацəарақəа ирызкны иахəҭоу ажəа аҩра. Аха, зегь акоуп ахы ктəуп, аԥхьаҟа амҩахəасҭа хəыҷы амҩаду ахь аҽцəырнагарц азы. Уажəыгьы сгəы иқəыҩуеит Мефҭун Уанаҿа лажəашьҭыбжьқəа:

"Аԥсны бзиа избоит ахəара, сара сзы имаҷцəоуп, уи иахəҭоу ажəа сара исзыԥшаауам, сгəы иҭоу, сыԥсы иалоу ауп Аԥсадгьыл, с-Аԥсны ԥшӡа! Даара игəхьаазгоит, амҩақəа аатыр, хымԥада ҭаацəала ҳнеиуеит", - лҳəеит Мефҭун Уанаҿа лгəы акыр ихьаауа.

© Foto / Предоставлено Мефтун ВаначаСырма Ашәпҳаи Мефҭун Уанаҿаԥҳаи
Мефҭун Уанаҿа: сыԥҳа хəыҷы Мрамза Мқанԥҳа лыхьӡала Аԥсны иазҳауеит араҵла - Sputnik Аҧсны
Сырма Ашәпҳаи Мефҭун Уанаҿаԥҳаи

Ҳаиҿцəажəара ахыркəшамҭазы, Мефҭун Уанаҿа лааигəа иҟаз ланду Иԥеқ Аргəынԥҳа аҭел наллыркит: "Схəыҷы, Аԥсныҟа иҟоузеи, ианузеи?" - ҳəа аԥсышəала ҿаалҭит, сҩагыланы аҭак налысҭеит... Араҟа еиқəысҳəалааит уажəазы 90 шықəса ирзааигəоу абырг хатəра Иԥеқ Аргəынԥҳаи сареи ҳаиҿцəажəара, уи анаҩстəи нҵамҭахааит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0