Аслан Бжьаниа Аҟәа ауааԥсыра ақалақь амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Леон Адлейба Администрация города Сухум
Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшаҽны иазгәарҭоит Аҟәа ақалақь амш. Ари аныҳәа амш алхразы 2015 шықәса абҵарамзазы имҩаԥган Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Ажәытә Диоскуриада".

АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ауааԥсыра рықалақь амш рыдиныҳәалеит.

"Ақалақь амш – зегьы еицаҳзеиԥшу ныҳәоуп – ара инхо реиԥш, араҟа аус зуагьы, аҵара зҵогьы, изызҳауа, агәҭыхақәа зауа, зықалақь бзиа избо уҳәа зегьы еицыртәуп", – ҳәа аҳәоит ахада ипресс-маҵзура ирыланарҵәаз адныҳәалара атекст аҿы.

Инал Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа Аҟәа аҭоурых иазкны

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп, Аҟәа азқьышықәсақәа иргәылсуа аҭоурых ду шамоу, араҟа ишааихьаз абырзенцәа, аурымцәа, византиаа, османцәа уҳәа. Убас акырынтә аҽаԥсаххьан ақалақь ахьӡгьы – Диоскуриа инаркны  Сухум-Кале аҟынӡа.

"Ииасыз ашықәсқәа рыла Аҟәа ахаҿра аҽеиҭанакит, акыр иаҳа иманшәалахеит, иԥшӡахеит. Шәара аҳҭнықалақь ауааԥсыра иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп, акыршықәса инеиԥынкыланы ақалақь ашәҭыкакаҷра ахьӡала аџьабаа ахьыжәбо азы. Хазы иҭабуп ҳәа расҳәоит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ҳаҳҭнықалақь ахақәиҭреи аҭынчреи азырбаз", – ҳәа азгәеиҭеит ахада.

Аслан Бжьаниа иациҵеит "Аҟәа ауааԥсыра активла ақалақь аԥсҭазаара иалахәуп, уи абзазара иадҳәалоу хра злоу азҵаарақәа рыла еснагь ргәаанагара рҳәоит, есыҽнытәи русурала аиааира ҿыцқәа руасхыр шьҭарҵоит" ҳәа.

"Ҳара даара ҳгәы аладууп ҳақалақь аҭоурых хьӡырҳәагеи иахьатәи уи амш лашеи. Уацәтәи уи аԥеиԥшгьы лашазарц азы доусы иҳалшо зегь шыҟаҳҵо агәра згоит", – иҳәеит атәыла ахада.

Аҟәа – ижәытәӡатәиу ақалақьқәа ируакуп, 2500 шықәса инареиҳаны иахыҵуеит.

Аҟәа ақалақь амш азгәарҭоит ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшазы. Абри аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит аҳҭнықалақь ахадара акомиссиа ҷыда аилатәаран 2016 шықәса, ажьырныҳәа 28 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0