Аԥсны ашәахәақәа: Саида Жьиԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация книги Саиды Жиба - "Лучи солнца"
Презентация книги Саиды Жиба - Лучи солнца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Саида Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" аҟны еиҭалҳәоит Кавказтәи аибашьра иахҟьаны зџьынџь ааныжьра зқәашьхаз ирхылҵшьҭроу, иахьа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа хьӡырҳәагақәа рҭоурыхқәа.

Саида Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" аӡыргара мҩаԥган Sputnik апресс-центр  аҿы.

Ашәҟәы аҩра аидеиа ацәырҵшьеи, автор лхықәкы шыналыгӡози, аҭыжьраҿ илыцхраауази – Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Sputnik Аԥсны аколумнист Саида Жьиԥҳа  шәҟәык аҩра ахаангьы хықәкны илымамызт. Аидеиа ахала ахы цәырнагеит лҩыза Зарина Коӷониаԥҳаи лареи Ҭырқәтәыла рыҟазаараан.

Саида Жьиԥҳа лышәҟәы Амра ашәахәақәа Сҭампыл аӡыргараан - Sputnik Аҧсны
Агәыбылра амца еиҳагьы иацлеит: "Амра ашәахәақәа" Ҭырқәтәыла ишӡыргаз

"2018 шықәса рзы Ҭырқәтәылатәи ҳҩыза Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа ҳсасцәаны ҳалҭан. Лара Аԥсуа культуратә центр, Кавказтәи акультуратә центр ҳлырбеит, лыуацәа-лҭахцәа ҳнарылга-аарылганы ҳадлырдырит. Ҳәарада, сара агәахәара ду снаҭон аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа еиуеиԥшым азанааҭқәа рҿы рхы бзианы иахьаадырԥшуаз. Сара Ҭырқәтәылаҟа амҩа санықәлоз Sputnik аредакциа адырра асҭеит уа сыҟазаараан аинтерес зҵоу аматериал соур, хымԥада иҩны ишырзаасышьҭуа азы. Аредакциаҿы ари иақәшаҳаҭхеит. Ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа жәпакы ҳкьыԥхьит. Аԥхьаҩцәа ибзианы ирыдыркылеит", - ҳәа еиҭалҳәоит Жьиԥҳа.

Аҩныҟа рыхынҳәра аламҭалазы Саида Зарина илалҳәеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ирызкны ашәҟәы аҩра шлыгәҭалкыз. Убри аамҭазы 10-15 материал азлырхиахьан. Уи адагьы, иазгәарҭараны иҟан Кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи 155-шықәса аҵра. Зарина лҩыза иаразнакы лгәы азҭалҵеит абри аус.

Заринеи лареи реицәажәара ашьҭахь Саида Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа илалҳәеит лыгәҭакы атәы. Уи иаразнакы ашәҟәы афырхацәа рыԥшаараҿы ацхыраара дшазыхиоу атәы лҳәеит.

Иара убри ашықәс азы, аӡынраз Саида еиҭахгьы Ҭырқәтәылаҟа амҩа дықәлеит, аха уажәы ԥхьаҟатәи ашәҟәы азы аматериал еизылгарц.

Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" азы: уажәазы исылшаз абри ахәыҷы ауп>>

Аханатә иазыԥхьагәаҭан еиуиеԥшым аусхкқәа знапы рылаку ҳџьынџьуаа 30-ҩык раҟара рҭоурыхқәа рыҩра. Аха аамҭа цацыԥхьаӡа аинтерес зҵаз ауаа цәырҵит, аҭоурыхқәагьы 67 рҟынӡа инаӡеит.

Ашәҟәы ахьӡ "Амра ашәахәақәа" ихьшәаны лгәаҿы иит автор. Лара ишылҳәо ала амра – Аԥсноуп, ашәахәақәа ҳәа дзыхцәажәо Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа, ашәҟәы афырхацәа роуп.

Аиҭагара иацыз ауадаҩрақәа

Ашәҟәы аҩраан автор аԥынгылақәа маҷымкәаны илоуит.  Раԥхьа иргыланы, аиҭагараан. Ҳџьынџьуаа зегьыҵәҟьа аԥсшәа рызҳәомызт, аинтернети ажәарқәеи рыцхыраара аҭаххеит.

Саида Аԥсныҟа даныхынҳә иазлырхиаз аматериалқәа Октаи Ҷкотуа идылгалеит. Иара аҭырқә бызшәахь еиҭеигеит.

"Аиҭагамҭақәа ашәҟәы афырхацәа ирзаҳҭиит, иаԥхьаны иҳәоу аиашара шьақәдырӷәӷәарц азы. Дара рымеида ҳамамкәа ашәҟәы аиҿкаара нап алаҳамкит. Аурыс бызшәахь аиҭагара лыдызгалеит Зарина Коӷониаԥҳа", – ҳәа лҳәоит Саида.

© Sputnik / Томас ТхайцукАшәҟәы "Амра ашәахәақәа" апрезентациа иалахәыз
Аԥсны ашәахәақәа: Саида Жьиԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган - Sputnik Аҧсны
Ашәҟәы "Амра ашәахәақәа" апрезентациа иалахәыз

Зарина Коӷониаԥҳа иазгәалҭеит аиҭагара уадаҩрак шаҵамыз, атерминалогиатә зҵаарақәак рыда.

"Аиҭагара сзымариан. Уадаҩрак ҟалозаргьы атерминологиаҿ акәын, аха зегь ҳаицхыраарала иҳарҽеиит. Сара даара сеигәырӷьоит ашәҟәы ахьҭыҵыз. Сеигәыӷуеит иацу ҟалап ҳәа. Избанзар ҳныҟәарақәа раан убасеиԥш ауаа ссирқәа ҳԥылеит ­ шәҟәык-шәҟәык ззукыша. Иҟоуп абыргцәа рацәаҩны. Урҭ ҳахьымӡар уаҵәы иҳаламгылар алшоит, рдыррақәагьы дара ирыццоит. Ари ашәҟәаҿгьы ҩыџьа-хҩы усеиԥш иҟоу ауаа рҭоурыхқәа арбоуп", – ҳәа  лҳәеит лара.

Октаи Ҷкотуа иазгәеиҭеит Саида Жьиԥҳа лышәҟәы аԥсуа диаспора алшарақәа шьарданы ишаанарԥшуа. Афырхацәа реиҳараҩык уаанӡа ишидыруазгьы ашәҟәы данаԥхьа ашьҭахь еиликааит урҭ инагӡаны ишизымдыруаз.

"Афырхацәа издыруаз рацәаҩын, аха ашәҟәы еихсырԥхьо саналага еилыскааит издыруаз шаҟа имаҷыз. Иџьасшьеит. Асеиԥшҵәҟьа инарҵауланы ихәыцуеит ҳәа сыззыҟамыз рацәаҩхеит. Ҷыдала, Саид Маршьан сизааҭгылоит. Саид еиԥш зеиԥшу ауаа аҽа дунеик иатәуп рҳәоит. Саида данлыҿцәажәоз иара иҳәоит: "Саб Аԥсны захьӡу имбаӡацызт. Аха идунеи иԥсахит иара дшазхәыцуаз. Зны-зынла сгәы иснаҭоит иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иаашьҭыхны иаазгар деиҭагыларашәа. "Ҳара иҳаԥсадгьылу Аԥсноуп. Иҟаҳҵозеи нас абра, Ҭырқәтәыла?" ҳәа дсазҵаалон иара. Иахьа абри аҩыза ажәақәа сԥа иҿакуп... Саид Маршьан иԥа асеиԥш дҵаауазар ҳара ҳзы уи гәыӷроуп. Убри азы Саида Жьиԥҳа лышәҟәы  шьаҿа бзиоуп абаза жәлар реидкылараҿ", – ҳәа иҳәеит Ҷкотуа.

Аԥсны иашәахәақәоу ируаӡәку абоксиор Енвер Бзагәа Sputnik апресс-центр ахь дааит. Ашәҟәы анҭыҵ ашьҭахь Енвер иџьынџь ԥсадгьыл ахь дхынҳәит.
"Енвер иҭоурыхтә ԥсадгьыл азыхынҳәара еснагь дазгәышьуан, иқәгыларақәа Аԥсны абираҟ даҵагылан рымҩаԥгара иҭахын. Даара сеигәырӷьоит сфырхацәа ҩыџьа Аԥсны иахьазыхынҳәыз",–  ҳәа лҳәеит Саида.

"Амра ашәахәақәа" тиражла 300 екземплиар ыҟоуп. Аӡыргара мҩаԥган – Адаԥазар, Сҭамԥыл, Анкара. 200 екзмемплиар автор ашәҟәы афырхацәа ирзынлыжьит, 100 Аԥсныҟа иаалгеит. "Амра ашәахәақәа" ашәҟәыҭирҭақәа рҿы иуоуам, аҭира иазкым.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0