Амотохысцәа "аӷа" иҽазыҟаҵаратә лагер еилаԥырыххааит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения соединения спецназначения ЮВО
Учения соединения спецназначения ЮВО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп зықьҩык рҟынӡа аруааи 200 ак инарзынаԥшуа арратә техникеи.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа – амотохысцәа "аӷа" иҽазыҟаҵаратә лагер еилаԥырыххааит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Учения соединения спецназначения ЮВО - Sputnik Аҧсны
Атактикеи апрактикеи рымчыбжь: Аԥсны иҟоу ААО мҽхакыҭбаалатәи аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Аруаа  аԥырҩы дызмам ахархәагақәа "Орлан-10" акәылӡтәы транспортерқәа БТР-82А рхы иархәаны "аӷа" итыл ахь иҭалеит. Инрыжьхьаз аргыларақәа рҿы аҽазыҟаҵаратә лагер "ҵәахны" ишыҟаз рбеит, ажәыларагьы ҟарҵеит.

Аԥхьа инеиуаз арҟәшақәа БТР-82А, агранатаршәгақәа РПГ-7В, АГС-17 рыла "аӷа" ирхәҭақәа ирыжәлеит.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура иара убасгьы иаанацҳауеит аснаиперцәагьы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа. Убри аан ахархәара рыҭан авинтовкақәа ВСС "Винторез", СВД, СВ-98.

Атехникатә хархәагақәа рыцхыраарала аснаиперцәа сааҭла аԥшыхәра мҩаԥыргон, ацәҟьараҟынӡа ахара-ааигәара шьақәдыргылон.

Ҷыдала азхьаԥшра рыҭан амшынԥшаҳәа аԥслымӡраҿы аҽыҵәахра, анаԥшратә хархәагақәа рхархәара, аснаипер ихархәара ахьыуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы аԥшыхәра.

Аҽазыҟаҵарақәа амчыбжь нҵәаанӡа имҩаԥысуеит.  Ихыркәшахоит аруаа  зқьыла ацәҟьарақәа ҳаамҭазтәи атехникала иахьҭадырхо аҭагылазаашьа ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0